Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа амаршруттә таксиқәа рыла аныҟәара ахә ашьҭыхра азԥхьагәазҭоу апроект рыдгалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМаршрутное такси на остановке
Маршрутное такси на остановке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.01.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистрра Аминистрцәа реилазаара иаднагалоит ақалақь аҩнуҵҟатәи амаршруттә таксиқәа рыла аныҟәара ахәԥса 30 мааҭ инаркны 40 мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра азԥхьагәазҭоу апроект.
Иахьа аусбарҭаҿы имҩаԥысит аминистр и.н.Џьансыхә Нанбеи Аҟәатәи АТН адиректори амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәеи реиԥылара.
Аиԥылара алҵшәақәа рыла, амашьынаныҟәцаҩцәа рықәгылара аанкылазарц аӡбара рыдыркылеит.
Ажьырныҳәа 15 рзы аҟәатәи амаршруттә таксиқәа рныҟәцаҩцәа рхаԥышәала амҩақьыра 30 мааҭ рҟынтәи 50 мааҭ рҟынӡа ишьҭырхит. Ахәқәа рышьҭыхра Аԥсны аминистрцәа реилазаара асанкциа ақәым.
Аԥсны Аенергетикеи атранспорти рминистр ин.н. Џьансыхә Нанба Аҟәатәи атранспорттә наплакы ахь ашәҟәы наишьҭит аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылаз атарифқәа шьҭызхуа атранспорттә мҩангаҩцәа амҩатә бӷьыцқәа рыҭара ааннакыларазы. Ажьырныҳәа 15 рзы ареспублика аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь аныҟәцаҩцәа рганахь ала ареидқәа мҩаԥыргаларазы.
Уи ашьҭахь арныҟәцаҩцәа рреисқәа ааныркалеит, аџьармыкьа хада аҿаԥхьа еизеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0