https://sputnik-abkhazia.info/20250120/khra-zlou-akhysa-gyna-gagra-araion-akhadara-2024-shysazy-ausura-iazkny-1053421245.html
Хра злоу ахҭысқәа: Гәынԥҳа Гагра араион ахадара 2024 шықәсазы аусура иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Гәынԥҳа Гагра араион ахадара 2024 шықәсазы аусура иазкны
Sputnik Аҧсны
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит 2024 шықәсазы араион ахадара рнапы злакыз, ихадаратәыз апроектқәа, русура... 20.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-20T10:33+0300
2025-01-20T10:33+0300
2025-01-20T10:45+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/11/1053421377_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_9af0335ccb637f6480bf563a44216b42.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Гәынԥҳа Гагра араион ахадара 2024 шықәсазы аусура иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Гәынԥҳа Гагра араион ахадара 2024 шықәсазы аусура иазкны
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит 2024 шықәсазы араион ахадара рнапы злакыз, ихадаратәыз апроектқәа, русура алҵшәас иаиуз, уадаҩрақәас ирымаз, ари ашықәс азы инагӡатәны иҟоу ҳәа иалыркаауа.Гәынԥҳа лажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс араион азы хар амамкәа имҩаԥысит, инаргӡеит хықәкыс ирымаз ауснагӡатәқәа жәпакы, хадаратәла лнапы злаку асоциалтә хырхарҭаҟны.Акультура атәы уҳәозар, араион аҟны ҩышықәса раахыс инарыгӡоит ҩ-проектк: "Гагра-фолк" - амилаҭтә культура ӡырзго; "Гагра-классик" - адунеи аклассикатә ԥҵамҭақәа рыла еиҿкаау ақәгыларақәа. Араион аҟны иҟоу ансамбльқәа изларылшо ала адгылара рырҭоит араион анапхгара, лҳәеит Гәынԥҳа.Аҵарадырра ахырхарҭа акәзар, Гәынԥҳа лажәақәа рыла, 2022 шықәса инаркны аԥсахрақәа зҭахыз аҵараусҳәарҭақәа рхыбрақәа зегьы ԥсахуп, аспорттә залқәа ракәзар, хаз программала реиҭашьақәыргылара цон, сынтәагьы уи аус иацҵахоит.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/11/1053421377_141:0:1280:854_1920x0_80_0_0_9e84421d37c3195adb2bcc4453fedeee.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит 2024 шықәсазы араион ахадара рнапы злакыз, ихадаратәыз апроектқәа, русура алҵшәас иаиуз, уадаҩрақәас ирымаз, ари ашықәс азы инагӡатәны иҟоу ҳәа иалыркаауа.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс араион азы хар амамкәа имҩаԥысит, инаргӡеит хықәкыс ирымаз ауснагӡатәқәа жәпакы, хадаратәла лнапы злаку асоциалтә хырхарҭаҟны.
Акультура атәы уҳәозар, араион аҟны ҩышықәса раахыс инарыгӡоит ҩ-проектк: "Гагра-фолк" - амилаҭтә культура ӡырзго; "Гагра-классик" - адунеи аклассикатә ԥҵамҭақәа рыла еиҿкаау ақәгыларақәа. Араион аҟны иҟоу ансамбльқәа изларылшо ала адгылара рырҭоит араион анапхгара, лҳәеит Гәынԥҳа.
Аҵарадырра ахырхарҭа акәзар, Гәынԥҳа лажәақәа рыла, 2022 шықәса инаркны аԥсахрақәа зҭахыз аҵараусҳәарҭақәа рхыбрақәа зегьы ԥсахуп, аспорттә залқәа ракәзар, хаз программала реиҭашьақәыргылара цон, сынтәагьы уи аус иацҵахоит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.