Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәатәи агәамсам Шьашьикәара ақыҭан иҟоу агәамсамеизгарҭахь ишнаргац инаргалоит

© Sputnik Мусорная свалка в городе Гал
 Мусорная свалка в городе Гал - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.01.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аҟәатәи агәамсам Шьашьикәара ақыҭан иҟоу агәамсамеизгарҭахь ишнаргац инаргалоит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Гал араион адепутаттә еизара ахантәаҩы Беслан Канҭариа.
"Уажәшьҭа иаадыртраны иҟаз агәамсамеизгарҭаҿы аусурақәа макьана ихыркәшаӡам. Излаҳбо ала, Гәылрыԥшь араион аҿы уи аусура иаладыгарц азы макьана аамҭа аҭахызар ҟалап", — ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аҳҭнықалақь анапхгареи дареи имҩаԥыргаз аиԥыларақәа рышьҭахь еилкаахеит ари азҵаара шықәсык иалагӡаны аӡбара аҭаххоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Канҭариа.
Убри аан, иара иажәақәа рыла, Гал араион аҿы иҟоу агәамсамеизгарҭа аҭагылазаашьа ҽеим. Уа аус зуа атехника ҩ-акак роуп: абульдозери аидарақәҵагеи. Урҭ иахәҭоу аусқәа зегьы рынагӡара иахьӡом, избанзар адгьыл жны агәамсам анышә иарҭароуп. Агәамсамеизгарҭа уажәраанӡа ихкааӡам, убри аҟнытә арахә агәамсам ахьыҟоу анеира рылшоит.
2024 шықәса мшаԥымзазы Sputnik Аԥсны агәамсам аилыԥшаара, аҵәахра, акажьра иадҳәалоу апроблема иазку афильм ҭнажьит, уи Галтәи агәамсамеизгарҭа аӡбахәгьы аҳәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0