Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ӡаԥшьба Лабра иргылахо ахш зауад иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Ӡаԥшьба лабра иргылахо ахш зауад иазкны
Анапаҵаҩра
Лабра зыргылара цо ахш зауад аиҳабацәа ируаӡәку Баҭал Ӡаԥшьба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит апроект шхацыркыз, насгьы иарбан аалыҵқәоу уаҟа иҭрыжьло, аусзуҩцәа шазыҟарҵо, амаругақәа рыла рышҽеиқәдыршәо.
Лабра ақыҭан ицоит аргыларақәа ахш зауад аартразы. Апроект аԥшьган Аԥсны аекономика аминистрра апрограмма "2024 ашықәс азы имаҷуи ибжьаратәиу анаплакра ацхыраара аҭаразы" ала.
Ӡаԥшьба иажәақәа рыла азауад иҭнажьлоит ахш, ихаау ахарҵәқәа, ахарҵәы, ахаҷа, ашәқәа уҳәа, еиуеиԥшым ахш-харҵә лыхқәа. Амаругақәа аагахоит Италиантәи. Шықәсык еиҳаны иҵуеит аицәажәарақәа цоижьҭеи. Хәажәкыра мзазы азауад иаҭаху зегьы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.
Аспециалистцәа рызҵаара акәзар, Баҭал иҳәеит, аҭыԥантәи аусзуҩцәа разыҟаҵаразы Италиантәи ишаашьҭхо атехнологцәа. Дара шықәсык раҟара Аԥсны иҟазаауеит. Уи адагьы еиҭа ҩыџьа арԥарцәа шьҭуп Урыстәылаҟа ахшзауадқәа руак ахь рԥышәа аизырҳаразы.
Аханатә аҩныҵҟатәи аџьармыкьа иазхаша аалыҵ ҟарҵалоит. Раԥхьа игылазаауеит ахаҭабзиара, ҳәа азгәеиҭеит Ӡаԥшьба. Убри аан анаплакыҩцәа анхацәа ирацәажәахьеит, аферма хәыҷқәа змоу рҟынтә ахш шыргало азы.
"Ииуль мзазы зегьы еибыҭаны, еиқәыршәаны аусура ҳалагоит ҳәа ҳгәы иҭоуп. Аргыларақәа цоит уахгьы-ҽынгьы, амаругақәа рыхә ахшәаауп", - ҳәа иҳәеит Ӡаԥшьба.
Иара еиҭеиҳәеит, Лабра залырхыз, насгьы 70-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра ҭыԥла ишеиқәыршәахо азауад аусура ианалагалак.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0