https://sputnik-abkhazia.info/20250124/krasnodarti-aazalkhytsa-asnynti-urystylaa-aayn-akontrabanda-aanyrkyleit-1053484771.html
Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит
Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит. 24.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-24T11:00+0300
2025-01-24T11:00+0300
2025-01-24T13:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/18/1053483907_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_2d88f3551901e458826f5df859af55f3.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит. Адлертәи аҳазалхратә ҭыԥ аҿы иаанкылаз VOLKSWAGEN POLO аидараҭаҵарҭаҿы ирбеит урыстәылатәи акцизтә маркақәеи адыргақәеи змамыз аҳәаанырцәтәи асигареҭқәа зҭаз 425 ҭра. Амашьынаныҟәцаҩ, 35 шықәса зхыҵуа Урыстәыла атәылауаҩ, иҳәеит урҭ "иара ихази ҳамҭас иҭынхацәа рзи" ишааихәаз. Аҭаҭын аалыҵ имхуп. Административтә еилагарақәа рзы аусқәа аартуп. 2024 шықәса мшаԥымза 1 инаркны ЕАЕС аҳазалхратә ҳәаа 100 нызқь мааҭ инареиҳаны зыхә ыҟоу арыжәтәи аҭаҭынтә аалыҵқәеи закәандарала риагаразы ашьаустә ҭакԥхықәра шьақәыргылоуп. Хаҭалатәи ахархәаразы 200 сигареҭ, мамзаргьы 50 сигара (сигарилла), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын алагалара азин ыҟоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/18/1053483907_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_46c35b0015bbed6d5d67b4bf4ddd68c5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит
11:00 24.01.2025 (ирҿыцуп: 13:00 24.01.2025) АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аконтрабанда ааныркылеит.
Адлертәи аҳазалхратә ҭыԥ аҿы иаанкылаз VOLKSWAGEN POLO аидараҭаҵарҭаҿы ирбеит урыстәылатәи акцизтә маркақәеи адыргақәеи змамыз аҳәаанырцәтәи асигареҭқәа зҭаз 425 ҭра.
Амашьынаныҟәцаҩ, 35 шықәса зхыҵуа Урыстәыла атәылауаҩ, иҳәеит урҭ "иара ихази ҳамҭас иҭынхацәа рзи" ишааихәаз.
Аҭаҭын аалыҵ имхуп. Административтә еилагарақәа рзы аусқәа аартуп.
2024 шықәса мшаԥымза 1 инаркны ЕАЕС аҳазалхратә ҳәаа 100 нызқь мааҭ инареиҳаны зыхә ыҟоу арыжәтәи аҭаҭынтә аалыҵқәеи закәандарала риагаразы ашьаустә ҭакԥхықәра шьақәыргылоуп. Хаҭалатәи ахархәаразы 200 сигареҭ, мамзаргьы 50 сигара (сигарилла), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын алагалара азин ыҟоуп.