https://sputnik-abkhazia.info/20250129/kharchlaa-ieit-afymtsa-akh-akhyzymshaaua-lasharada-raanyzhra-zytsgou-aty-1053541890.html
Харчлаа иҳәеит афымца ахә ахызымшәаауа лашарада рааныжьра зыцәгьоу атәы
Харчлаа иҳәеит афымца ахә ахызымшәаауа лашарада рааныжьра зыцәгьоу атәы
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал араион аҟны акриптаԥара зладырҳауа амаругақәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу, афымцацәаҳәақәа, ашьаҟақәа рыԥсахра, аԥхьаӡагақәа рықәыргылара... 29.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-29T19:54+0300
2025-01-29T19:54+0300
2025-01-29T19:54+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/1d/1053542034_0:162:1246:863_1920x0_80_0_0_64904f7a47b47ea91a93b080053732bb.jpg
Харчлаа иҳәеит афымца ахә ахызымшәаауа лашарада рааныжьра зыцәгьоу атәы
Sputnik Аҧсны
Харчлаа иҳәеит афымца ахә ахызымшәаауа лашарада рааныжьра зыцәгьоу атәы
Тҟәарчал араион аҟны акриптаԥара зладырҳауа амаругақәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу, афымцацәаҳәақәа, ашьаҟақәа рыԥсахра, аԥхьаӡагақәа рықәыргылара мҩаԥысуама, ауаа алашара ахә шахыршәаауа атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи араион афымцаҳа анџьныр Вахтанг Харчлаа.Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҿы "Амшынеиқәафымцамч" афымцамч ҳақәа изакәанымкәа рыҽрымадара аҿагыларазы аҭыԥантәи аоперативтә штабқәа раԥҵаразы ақәҵара ҭижьит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.Тҟәарчал араион аҟны афымцаҳақәа ԥаса ирымаз ақәыӷәӷәарақәа акырӡа ирыгхеит, аха ус шакәугьы иахьагьы усҟак ҟамлар акәын, иҳәеит Харчлаа. Иара иажәақәа рыла, еиуеиԥшым агәаҭарақәа ишьақәдырӷәӷәоит иахьазы араион аҟны амаининг фермақәа шыҟам, егьыс аҩнқәа рҟны ауаа зынӡа амаругақәа рымам ҳәа аҳәара шаму.Афымцацәаҳәақәа рҭагылазаашьа дазааҭгыло иҳәеит Тҟәарчал уи аганахьала аусурақәа маҷымкәа ишымҩаԥыргахьоу."Иҳараку афымцацәаҳәа, ацәаҳәа 0,4 иганахьала иҟаҵақәоу маҷӡам, аха иҵегьы иҟаҵатәқәоу рацәоуп макьана. Аусура есҽны ицоит, иҳамоу ахәыҷала зегьы еиҿкааны иҟаҳҵоит. Ус иахьа уахәаԥшуазар афымцацәаҳәақәа ибааԥсыцәҟьаны иҳамаӡам", - иҳәеит Харчлаа.Иара иажәақәа рыла, амаининг аҿагыларазы аоперативтә штаб аусура аанымгылацт, ҵыԥх, ҵыԥхцәагьы, сынтәагьы аус ауеит.Харчлаа иазгәеиҭеит, афымцалашара ахә ахшәаара шырцәыуадаҩу ауаа раагарҭа ахьыҟам иахҟьаны, убри аҟынтә афымцацәаҳәақәа рыхҵәаразы аӡбамҭа адкылара шыцәгьоу."Изыцәгьоу убри ауп- абырг дыҟоуп, ахәыҷқәа, ачымазаҩ, аинвалид ыҟоуп. Ари апроблема ӷәӷәаны иҟоижьҭеи акыр шықәсақәа ҵуеит", - иҳәеит Харчлаа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/1d/1053542034_0:45:1246:980_1920x0_80_0_0_03f421ac9df100884525a335c641bd19.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Тҟәарчал араион аҟны акриптаԥара зладырҳауа амаругақәа рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу, афымцацәаҳәақәа, ашьаҟақәа рыԥсахра, аԥхьаӡагақәа рықәыргылара мҩаԥысуама, ауаа алашара ахә шахыршәаауа атәы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи араион афымцаҳа анџьныр Вахтанг Харчлаа.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҿы "Амшынеиқәафымцамч" афымцамч ҳақәа изакәанымкәа рыҽрымадара аҿагыларазы аҭыԥантәи аоперативтә штабқәа раԥҵаразы ақәҵара ҭижьит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.
Тҟәарчал араион аҟны афымцаҳақәа ԥаса ирымаз ақәыӷәӷәарақәа акырӡа ирыгхеит, аха ус шакәугьы иахьагьы усҟак ҟамлар акәын, иҳәеит Харчлаа. Иара иажәақәа рыла, еиуеиԥшым агәаҭарақәа ишьақәдырӷәӷәоит иахьазы араион аҟны амаининг фермақәа шыҟам, егьыс аҩнқәа рҟны ауаа зынӡа амаругақәа рымам ҳәа аҳәара шаму.
Афымцацәаҳәақәа рҭагылазаашьа дазааҭгыло иҳәеит Тҟәарчал уи аганахьала аусурақәа маҷымкәа ишымҩаԥыргахьоу.
"Иҳараку афымцацәаҳәа, ацәаҳәа 0,4 иганахьала иҟаҵақәоу маҷӡам, аха иҵегьы иҟаҵатәқәоу рацәоуп макьана. Аусура есҽны ицоит, иҳамоу ахәыҷала зегьы еиҿкааны иҟаҳҵоит. Ус иахьа уахәаԥшуазар афымцацәаҳәақәа ибааԥсыцәҟьаны иҳамаӡам", - иҳәеит Харчлаа.
Иара иажәақәа рыла, амаининг аҿагыларазы аоперативтә штаб аусура аанымгылацт, ҵыԥх, ҵыԥхцәагьы, сынтәагьы аус ауеит.
Харчлаа иазгәеиҭеит, афымцалашара ахә ахшәаара шырцәыуадаҩу ауаа раагарҭа ахьыҟам иахҟьаны, убри аҟынтә афымцацәаҳәақәа рыхҵәаразы аӡбамҭа адкылара шыцәгьоу.
"Изыцәгьоу убри ауп- абырг дыҟоуп, ахәыҷқәа, ачымазаҩ, аинвалид ыҟоуп. Ари апроблема ӷәӷәаны иҟоижьҭеи акыр шықәсақәа ҵуеит", - иҳәеит Харчлаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.