Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адгәыр Арӡынба алхрақәа рылҵшәақәа рыдкылара иазхиоума ҳәа азҵаара дацәхьаҵит

© screenshot из видеоАдгур Ардзинба
Адгур Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2025
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада иалхра аҽазыҟаҵарақәа иадҳәалоу Аԥсуа телехәаԥшраҿы акандидатцәа злахәыз апресс-конференциа.
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Апресс-конференциаҿы алхрақәа рылҵшәақәа зеиԥшразаалакгьы рыдкылара иазхиоума ҳәа ажурналист лызҵаара ишиашоу иацәхьаҵыз акандидат Адгәыр Арӡынба заҵәык иоуп.
Атәыла ахадарахьы егьырҭ акандидатцәа — Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Арӡынба инаҵшьны иазгәарҭеит алхрақәа изакәантәу алҵшәақәа зеиԥшразаалак ишрыдыркыло.
Жәабран 15 рзы имҩаԥысран иҟоу атәыла ахада иалхразы аҽазыҟаҵарақәа ирыдҳәаланы Аԥсуа телехәаԥшраҿы еиҿкаан акандидатцәа злахәыз апресс-конференциа.
Ааԥхьара рыҭан акандидатцәа зегьы. Аҭыԥантәии аҳәаанырцәтәии ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵаразы уахь инеит акандидатцәа Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Бадра Гәынба.
Акандидат Адгәыр Хәырхәмал апресс-конференциахь дымнеиӡеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0