Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьақәыргылара амашьынақәеи ауааи агәаран рықәгылара армаҷуеит

© Foto / РосгранстройРеконструкцию пункта пропуска "Адлер" обсудили глава сочинского филиала Росгранстроя Кирилл Баранов и руководитель ФТС России Валерий Пикалев
Реконструкцию пункта пропуска Адлер обсудили глава сочинского филиала Росгранстроя Кирилл Баранов и руководитель ФТС России Валерий Пикалев - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иҟоу аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" аиҭашьақәыргылара иабзоураны амашьынақәеи ауааи агәаран рықәгыларақәа армаҷра аларшахоит, иара убас аушьҭратә лшаргь еизҳауеит ҳәа аанацҳауеит Шәача ахадара апресс-маҵзура.
"Аԥсны аҳәааҿы иҟоу аушьҭратә ҭыԥ "Адлер" атәылаҿы зегь реиҳа апассаџьыр ахьырацәоу ҭыԥуп. Есыҽны араҟа аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуеит 35-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыреи 8-нызқь рҟынӡа амашьынақәеи. Акурорт аамҭазы арҭ арбагақәа еиҳагьы еиҳауп", — ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Урыстәылатәи ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иҳәеит аушьҭратә ҭыԥ аиҭашьақәыргыларазы 10 миллиард мааҭ шазоужьу. Апроект анагӡара шьаҿа-шьаҿала имҩаԥысуеит, иааиуа атуристтә сезон азы раԥхьатәи аиҭакрақәа ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0