https://sputnik-abkhazia.info/20250204/khra-zlou-akhysa-arsaliaa-asakhaykhrat-azara-urystylant-iaiur-alsho-adgylara-aty-1053611187.html
Хра злоу ахҭысқәа: Арсалиаԥҳа асахьаҭыхратә ҟазара Урыстәылантә иаиур алшо адгылара атәы
Хра злоу ахҭысқәа: Арсалиаԥҳа асахьаҭыхратә ҟазара Урыстәылантә иаиур алшо адгылара атәы
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥигаз аиԥыларақәа реихшьаалақәа ҟаҳҵоит. Раԥхьатәи... 04.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-04T20:30+0300
2025-02-04T20:30+0300
2025-02-04T20:39+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/04/1053612333_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_464a2ec1ba9ec16b3ccc9f421e7fcefa.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Арсалиаԥҳа асахьаҭыхратә ҟазара Урыстәылантә иаиур алшо адгылара атәы
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Арсалиаԥҳа асахьаҭыхратә ҟазара Урыстәылантә иаиур алшо адгылара атәы
Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥигаз аиԥыларақәа реихшьаалақәа ҟаҳҵоит. Раԥхьатәи еиԥыларақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан шықәсык аԥхьа иблыз Амилаҭтә галереиа азҵаарала аиқәшәара, Ацәыргақәҵатә зал хада аиҭашьақәыргылареи агалереиа хҳәаас ириҭаз, анаҩстәи ашьаҿақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.Амилаҭтә сахьатә галереиеи Ацәыргақәҵатә зали шьақәыргыланы иҟалар, аҩ-ҳәынҭқаррак реимадарақәа даҽа ҩаӡарак ашҟа инанагон ҳәа лҳәеит лцәажәараҟны Арсалиаԥҳа. Лара иазгәалҭеит Аԥсны асахьатә фондқәа рышьақәыргыларазы Урыстәыла иҟанаҵар алшо ацхыраара аҵакы."Ҳасас ишиҳәаз еиԥш, афондқәа реизгара даара акрызҵазкуа усуп. Хаҭала сара иснарбеит шаҟа ган рацәала дазнеиуа ари азҵаара. Ахыбра ургылар ҟалоит, аха уаҟа иҵәаху акырӡа аҵанакуеит. Ирацәоуп аусумҭақәа Урыстәыла афедералтә музеиқәа, агалереиақәа рҿы. Иара иҳәеит зны цәыргақәҵак ҟаҵазар, нас ҳамҭас Аԥсны ирырҭаргьы ҟалоит ҳәа. Уи даара акрызҵазкуа усуп, избанзар афондқәа шықәсык - ҩышықәса рыла иузеизгаӡом", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла сынтәа 85 шықәса ахыҵуеит. Арсалиаԥҳа агәыӷра аалырԥшит, аргылаҩцәа хымз-ԥшьымз рыла аусурақәа хдыркәшоит ԥарала еиҵахара рмоур ҳәа ирҳәаз алыршахап ҳәа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/04/1053612333_66:0:1205:854_1920x0_80_0_0_cbc5b0664918399658e77fbd1bd614cf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Хра злоу ахҭысқәа: Арсалиаԥҳа асахьаҭыхратә ҟазара Урыстәылантә иаиур алшо адгылара атәы
20:30 04.02.2025 (ирҿыцуп: 20:39 04.02.2025) Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥигаз аиԥыларақәа реихшьаалақәа ҟаҳҵоит. Раԥхьатәи еиԥыларақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан шықәсык аԥхьа иблыз Амилаҭтә галереиа азҵаарала аиқәшәара, Ацәыргақәҵатә зал хада аиҭашьақәыргылареи агалереиа хҳәаас ириҭаз, анаҩстәи ашьаҿақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Амилаҭтә сахьатә галереиеи Ацәыргақәҵатә зали шьақәыргыланы иҟалар, аҩ-ҳәынҭқаррак реимадарақәа даҽа ҩаӡарак ашҟа инанагон ҳәа лҳәеит лцәажәараҟны Арсалиаԥҳа. Лара иазгәалҭеит Аԥсны асахьатә фондқәа рышьақәыргыларазы Урыстәыла иҟанаҵар алшо ацхыраара аҵакы.
"Ҳасас ишиҳәаз еиԥш, афондқәа реизгара даара акрызҵазкуа усуп. Хаҭала сара иснарбеит шаҟа ган рацәала дазнеиуа ари азҵаара. Ахыбра ургылар ҟалоит, аха уаҟа иҵәаху акырӡа аҵанакуеит. Ирацәоуп аусумҭақәа Урыстәыла афедералтә музеиқәа, агалереиақәа рҿы. Иара иҳәеит зны цәыргақәҵак ҟаҵазар, нас ҳамҭас Аԥсны ирырҭаргьы ҟалоит ҳәа. Уи даара акрызҵазкуа усуп, избанзар афондқәа шықәсык - ҩышықәса рыла иузеизгаӡом", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла сынтәа 85 шықәса ахыҵуеит. Арсалиаԥҳа агәыӷра аалырԥшит, аргылаҩцәа хымз-ԥшьымз рыла аусурақәа хдыркәшоит ԥарала еиҵахара рмоур ҳәа ирҳәаз алыршахап ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.