https://sputnik-abkhazia.info/20250204/shachati-aazalkhytsa-asnynti-aayn-iiazgoz-aanyrkyleit-1053606483.html
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи аҭаҭын ииазгоз ааныркылеит
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи аҭаҭын ииазгоз ааныркылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи аҭаҭын ииазгоз ааныркылеит. 04.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-04T12:26+0300
2025-02-04T12:26+0300
2025-02-04T15:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/04/1053605735_0:370:960:910_1920x0_80_0_0_92df2ea5ad775f0602cb5b8f7edfcfbb.jpg
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи аҭаҭын ииазгоз ааныркылеит. Автомашьына CHERY A15 ашьҭахьтәи абырбалқәеи амҵәыжәҩаҵеи анамырх, Аԥсны иҭрыжьыз аҭаҭын Gagra 320 ҭоԥ (6400 цыра) рбеит. Даҽа 160 ҭоԥ аҭаҭын Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит Аԥсны атәылауаҩ ВАЗ 21043 ашьҭахьтәи атәарҭа аҵаҟаи ахҟьа аҵаҟаи иҵәахны. Аалыҵқәеи амашьынақәеи рымхуп. Административтә еилагарақәа рзы аусқәа хацыркуп.2024 шықәса мшаԥы акы аахыс ЕАЕС аҳазалхратә ҳәаа закәаншьаҭада зыхәԥса 100 000 мааҭ иахысуа арыжәтәи аҭаҭыни раалыҵ аҳәаа иахызго иганахь ала ашьаус хацдыркуеит. Ахатәхархәараз ииагахар ҟалоит 200 сигарет, ма 50 сигара (сигарилл), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/04/1053605735_0:280:960:1000_1920x0_80_0_0_5b1b8aee03faa2c935bbb79052ead19a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи аҭаҭын ииазгоз ааныркылеит.
Автомашьына CHERY A15 ашьҭахьтәи абырбалқәеи амҵәыжәҩаҵеи анамырх, Аԥсны иҭрыжьыз аҭаҭын Gagra 320 ҭоԥ (6400 цыра) рбеит.
Аныҟәцаҩ иҳәон, ЕАЕС аҳәаа ахыгаразы хымԥадатәи адекларациа зҭаху, ззин ыҟам, мамзаргьы ԥкра зқәу атауар шимам. Анаҩс иара иҳәеит аҭаҭын ҭоԥқәа идырны ишиҵәахыз.
Даҽа 160 ҭоԥ аҭаҭын Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит Аԥсны атәылауаҩ ВАЗ 21043 ашьҭахьтәи атәарҭа аҵаҟаи ахҟьа аҵаҟаи иҵәахны.
Аалыҵқәеи амашьынақәеи рымхуп. Административтә еилагарақәа рзы аусқәа хацыркуп.
2024 шықәса мшаԥы акы аахыс ЕАЕС аҳазалхратә ҳәаа закәаншьаҭада зыхәԥса 100 000 мааҭ иахысуа арыжәтәи аҭаҭыни раалыҵ аҳәаа иахызго иганахь ала ашьаус хацдыркуеит. Ахатәхархәараз ииагахар ҟалоит 200 сигарет, ма 50 сигара (сигарилл), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын.