https://sputnik-abkhazia.info/20250208/azlatsazhasha-amoup-ania-zhlar-rashaarei-rykasharei-ransambl-iazkny-1053642297.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭаниа Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль иазкны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭаниа Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль иазкны
Sputnik Аҧсны
Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз Аԥсны аҳәынҭқарратә ансамбль иаԥсҭазаашьоу, арҿиаратә коллектив шаҟаҩы еиднакыло, аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа, аҟазара... 08.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-08T18:28+0300
2025-02-08T18:28+0300
2025-02-08T18:28+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/06/1053642400_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_7db965f2fc54383771ae10187a8ec9cf.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭаниа Жәлар рыкәашареи рашәаҳәареи ансамбль иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭаниа Жәлар рыкәашареи рашәаҳәареи ансамбль иазкны
Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз Аԥсны аҳәынҭқарратә ансамбль иаԥсҭазаашьоу, арҿиаратә коллектив шаҟаҩы еиднакыло, аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа, аҟазара арҿиаразы, аконцертқәа, агастрольқәа рымҩаԥгаразы рылшарақәа зеиԥшроу арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Уасил Царгәыш ихьӡ зху Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз аҳәынҭқарратә ансамбль анапхгаҩы Аԥсны Жәлар рартист Валери Ҭаниа."Иахьа хәба-фба сааҭ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыумгар, акәашаҩ асцена данықәлалак, ииҭаху изыҟаҵаӡом. Аԥсны даара абаҩхатәра бзиа змақәоу ыҟоуп, аха ауалафахәы иахҟьаны изымааиуа (ансамбль ахь - аред.) ыҟоуп. Аҿар ашкол иҭақәоу ауқәак, ҷкәына бзиақәак ҳаԥшааит, инеилаԥса-ааилаԥсаны ус ҳаауеит макьана. Ауалафахәы атәы уҳәозар, 13-14 нызқь мааҭ зауа ыҟоуп. Ақыҭаҟынтәи иаауа ыҟоуп, ара рхы ахьынықәырҵо рымаӡам. Даара ауадаҩрақәа ыҟоуп… Абри џьара акала иахәаԥшны аҭыԥ иқәрымҵар, иаҳцәеилаҳар ҟалоит", - иҳәеит Ҭаниа.Ансамбль анапхгаҩы иазгәеиҭеит акәашацәа реилаҳәара аганахьала аҳәынҭқарраҟынтәи адгылара шрымоу.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/06/1053642400_53:0:1190:853_1920x0_80_0_0_0b06c36a789426e138b4c021615a5c1b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз Аԥсны аҳәынҭқарратә ансамбль иаԥсҭазаашьоу, арҿиаратә коллектив шаҟаҩы еиднакыло, аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа, аҟазара арҿиаразы, аконцертқәа, агастрольқәа рымҩаԥгаразы рылшарақәа зеиԥшроу
арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Уасил Царгәыш ихьӡ зху Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи зҽаԥсазтәыз аҳәынҭқарратә ансамбль анапхгаҩы Аԥсны Жәлар рартист Валери Ҭаниа.
"Иахьа хәба-фба сааҭ аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыумгар, акәашаҩ асцена данықәлалак, ииҭаху изыҟаҵаӡом. Аԥсны даара абаҩхатәра бзиа змақәоу ыҟоуп, аха ауалафахәы иахҟьаны изымааиуа (ансамбль ахь - аред.) ыҟоуп. Аҿар ашкол иҭақәоу ауқәак, ҷкәына бзиақәак ҳаԥшааит, инеилаԥса-ааилаԥсаны ус ҳаауеит макьана. Ауалафахәы атәы уҳәозар, 13-14 нызқь мааҭ зауа ыҟоуп. Ақыҭаҟынтәи иаауа ыҟоуп, ара рхы ахьынықәырҵо рымаӡам. Даара ауадаҩрақәа ыҟоуп… Абри џьара акала иахәаԥшны аҭыԥ иқәрымҵар, иаҳцәеилаҳар ҟалоит", - иҳәеит Ҭаниа.
Ансамбль анапхгаҩы иазгәеиҭеит акәашацәа реилаҳәара аганахьала аҳәынҭқарраҟынтәи адгылара шрымоу.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.