00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Петербургтәи аекономикатә форум феидас иалоу Аԥсны азы
18:17
6 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аҟәа аԥышәаратә режим ала атуристтә милициа аусура иалагоит
18:23
14 мин
Новости
Главные темы
18:37
15 мин
Актуальный комментарий
"Маршруты Абхазии": в Крыму проходит туристический форум
18:53
6 мин
On air
18:56
3 мин
On air
18:59
11 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Аблоҭиа актиор Амиран Ҭаниа изкны

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Аблоҭиа актиор Амиран Ҭаниа изкны
Анапаҵаҩра
Жәабран 10 1935 шықәсазы рзы диит абаҩхатәра ҷыда злаз, зыжәлар рыбзиабара ду иаԥсахаз, атеатри акинои иналукааша актиор, Аԥсны Жәлар рартист Амиран Ҭаниа. Аԥсуа профессионалтә театртә ҟазареи иара убас акинои рҿы Амиран Владимир-иԥа илагала, уаҩык иаҳасабала дзеиԥшраз атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит иҩыза, Аԥсны Жәлар рартист Виачеслав Аблоҭиа.
Амиран Ҭаниа иактиортә ҟазара аҩаӡара ҳаракын, иуаҩрагьы акыр иҭбаан ҳәа ауп дшыргәалашәо дыздыруаз, аус ицзухьаз. Идунеи иԥсахижьҭеи 20 шықәса инареиҳаны ишыҵхьоугьы, ажәлар дырхамшҭуа игәыбылра рзынижьит, ихьӡ еиҭарҳәоит, директорс дызмаз асатиреи аминиатуреи ртеатр "Чарирама" ақәгыларақәа бзианы иргәалашәоит.
"Ауаҩы даараӡа дизааигәан, иҟазара акәзар иддун, ҳәара аҭахума. Амиран данбахәмаруеи ҳәа есымша иҵаауан, ажәлар бзиа дырбон", - иҳәеит Виачеслав Аблоҭиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Амиран Ҭаниа атеатр асценаҿы инаигӡеит 30 инареиҳаны стильлеи жанрлеи еиуеиԥшым арольқәа, акино аҿы 15 инарзынаԥшуа: Шьаруан ("Хҭырԥа шкәакәа"), Хапара ("Амзаҿа ангыло"), Учардиа ("Иԥшьоу ажьира асаркьал") уҳәа иҵегь; аепизодқәа дрылахәын еицырдыруа акиносахьақәа "Асувенир", "Пиры Валтасара" рҟны.
Апрофессионалтә театртә ҟазара аҿиараҿы Амиран Ҭаниа илагала рацәоуп. Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥсуа университет аҿы алекциақәа дрыԥхьон. , директорс дызмаз асатиреи аминиатуреи ртеатр "Чарирама" азы актиорцәа ҿарацәа азыҟаиҵон.
Ажәабжьқәа зегьы
0