Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Бебиа еиҭеиҳәеит амчратә усзуҩцәа алхрақәа рыҽны аус шыруло

Бебиа еиҭеиҳәеит амчратә усзуҩцәа алхрақәа рыҽны аус шыруло
Анапаҵаҩра
Жәабран 15 рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит. Апроцесс аиҿкаара знапы иану АКХ инаҷыданы аус иадыԥхьалахоит ашәарҭадара иацклаԥшло амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәагьы. Иарбан хыдҵақәоу дара рҿаԥхьа иқәгылоу, алхрақәа рыҽны алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны аус шыруло, изықәныҟәо аԥҟарақәа, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҟны иаадырԥшыша ахымҩаԥгашьеи дырзааҭгылеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Алмас Бебиа.
735 - ҩык амилициа аусзуҩцәа абжьыҭара аҽны аус рулоит алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы, даҽа 220 - ҩык инареиҳаны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа аусуразы рҽырхианы иҟазаауеит, иҳәеит Бебиа.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рыҽны ҳтәыла раионцыԥхьаӡа Ирласны ақәҿыҭра ҟазҵо иҷыдоу агәыԥқәа рхаҭарнакцәа аус рулоит.
"Рыда ԥсыхәа амамкәа иҟалар, аҭыԥантәи амилициа аусзуҩцәа адырра ҟарҵар, Аоперативтә штаб аҟынтәи адҵа ҳарҭар, убасҟан ауп ианалахәхо, азакәан иахымсырц азы. Зегьы пату еиқәҵаны, иԥшӡаны адунеи идҳарбап шаҟа ҳдемократтә тәылоу, ауаа ҳрылаҵәартә ҳшыҟоу", - иҳәеит Бебиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0