https://sputnik-abkhazia.info/20250212/shachati-aazalkhytsa-asnynti-urystylaa-aayn-aiagara-akontrabanda-aanyrkyleit-1053728793.html
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аиагара аконтрабанда ааныркылеит
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аиагара аконтрабанда ааныркылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхратә усзуҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аиагара аконтрабанда ааныркылеит. 12.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-12T14:57+0300
2025-02-12T14:57+0300
2025-02-12T14:57+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0c/1053728135_0:20:1207:699_1920x0_80_0_0_efa53708c96d8b47b04ff0c4b3accf98.jpg
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхратә усзуҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аиагара аконтрабанда ааныркылеит. Ареспублика иалҵны аҳәаахь инеиз амашьына JETOUR DASHING агәаҭараан, аконтрабанда ахәҭак рыԥшааит аидараҭаҵарҭаҟны апакетқәа ишырҭаз, егьи ахәҭа аԥсахгатә барбал ахьҭоу аҭыԥ аҿы ирыԥшааит. Иааидкыланы урыстәылатәи акцизтә дыргақәа зқәымыз 600 ҭаҭынҭра "KING" рбеит. Амашьынарныҟәцаҩ иҳәеит урҭ Аԥсны иҟоу адәқьанқәа руак аҿы ихатә хықәкқәа рзы ишааихәаз. Аҭаҭын аалыҵ имхуп. Административтә еилагарақәа рзы аус хацыркуп. 2024 шықәса мшаԥымза 1 инаркны ЕАЕС аҳазалхратә ҳәаа 100 нызқь мааҭ инареиҳаны зыхә ыҟоу арыжәтәи аҭаҭынтә аалыҵқәеи закәандарала риагаразы ашьаустә ҭакԥхықәра шьақәыргылоуп. Хаҭалатәи ахархәаразы 200 сигареҭ, мамзаргьы 50 сигара (сигарилла), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын алагалара азин ыҟоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0c/1053728135_124:0:1084:720_1920x0_80_0_0_3d2d46e7b4e07f66b6cdda3df3b329a5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аиагара аконтрабанда ааныркылеит
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхратә усзуҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҭаҭын аиагара аконтрабанда ааныркылеит.
Ареспублика иалҵны аҳәаахь инеиз амашьына JETOUR DASHING агәаҭараан, аконтрабанда ахәҭак рыԥшааит аидараҭаҵарҭаҟны апакетқәа ишырҭаз, егьи ахәҭа аԥсахгатә барбал ахьҭоу аҭыԥ аҿы ирыԥшааит. Иааидкыланы урыстәылатәи акцизтә дыргақәа зқәымыз 600 ҭаҭынҭра "KING" рбеит.
Амашьынарныҟәцаҩ иҳәеит урҭ Аԥсны иҟоу адәқьанқәа руак аҿы ихатә хықәкқәа рзы ишааихәаз. Аҭаҭын аалыҵ имхуп. Административтә еилагарақәа рзы аус хацыркуп.
2024 шықәса мшаԥымза 1 инаркны ЕАЕС аҳазалхратә ҳәаа 100 нызқь мааҭ инареиҳаны зыхә ыҟоу арыжәтәи аҭаҭынтә аалыҵқәеи закәандарала риагаразы ашьаустә ҭакԥхықәра шьақәыргылоуп. Хаҭалатәи ахархәаразы 200 сигареҭ, мамзаргьы 50 сигара (сигарилла), мамзаргьы 250 грамм аҭаҭын алагалара азин ыҟоуп.