https://sputnik-abkhazia.info/20250215/akkh-asny-akhada-ialkhraa-shagyleit-abzhyara-ineiz-auaa-rkhykhaarala-1053795215.html
АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа шьақәгылеит абжьыҭара инеиз ауаа рхыԥхьаӡарала
АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа шьақәгылеит абжьыҭара инеиз ауаа рхыԥхьаӡарала
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа шьақәгылеит абжьыҭара инеиз ауаа рхыԥхьаӡарала. 15.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-15T18:40+0300
2025-02-15T18:40+0300
2025-02-15T18:42+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0f/1053773014_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_021b54562e3ca190d48fb63c8803cf9b.jpg
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа шьақәгылеит абжьыҭара инеиз ауаа рхыԥхьаӡарала. Асааҭ 18:00 рызтәи АКХ адыррақәа рыла, ареспубликаҿы рыбжьы арҭеит 55% алхыҩцәа, хыԥхьаӡарала иугозар, 79 019-ҩык ауааԥсыра.Аԥсны алхратә комиссиа хада ауаа рааишьазы асааҭ 18:00 рызтәи адыррақәа цәырнагеит. Ауаа рааишьа раионцыԥхьаӡа: Москва рыбжьы арҭахьеит 2240-ҩык, Черқьесск — 1688-ҩык.Аԥсны аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа ирылагеит шьыжьнаҵы асабша, жәабран 15 рзы. Алхырҭатә ҭыԥқәа аадыртит асааҭ 08:00 рзы, ихыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы.Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0f/1053773014_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_578aab9dde7991aaaa420c54f8044753.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
АКХ: Аԥсны ахада иалхрақәа шьақәгылеит абжьыҭара инеиз ауаа рхыԥхьаӡарала
18:40 15.02.2025 (ирҿыцуп: 18:42 15.02.2025) АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны ахада иалхрақәа шьақәгылеит абжьыҭара инеиз ауаа рхыԥхьаӡарала.
Асааҭ 18:00 рызтәи АКХ адыррақәа рыла, ареспубликаҿы рыбжьы арҭеит 55% алхыҩцәа, хыԥхьаӡарала иугозар, 79 019-ҩык ауааԥсыра.
Аԥсны алхратә комиссиа хада ауаа рааишьазы асааҭ 18:00 рызтәи адыррақәа цәырнагеит.
Ауаа рааишьа раионцыԥхьаӡа:
Гагра араион — 14008-ҩык (50%),
Гәдоуҭа араион — 15057-ҩык (60%),
Аҟәа араион — 3307-ҩык (56%),
Гәылрыԥшь араион — 7106-ҩык (54%),
Очамчыра араион — 9357-ҩык (57,5%),
Тҟәарчал араион — 2655-ҩык (46%),
Гал араион — 1280-ҩык (65%).
Москва рыбжьы арҭахьеит 2240-ҩык, Черқьесск — 1688-ҩык.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа ирылагеит шьыжьнаҵы асабша, жәабран 15 рзы. Алхырҭатә ҭыԥқәа аадыртит асааҭ 08:00 рзы, ихыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.