https://sputnik-abkhazia.info/20250215/asny-akhada-inn-valeri-bganba-asny-akhada-ialkhraa-ry-ibzhy-iiit-1053780995.html
Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы иҭиит
Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы иҭиит
Sputnik Аҧсны
Жәабран 15 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит зыҿҳәара ааиаанӡа иазгәаҭаз Аԥсны ахада иалхрақәа. Ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба... 15.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-15T11:06+0300
2025-02-15T11:06+0300
2025-02-15T11:12+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0f/1053779886_0:31:1157:682_1920x0_80_0_0_c1319ca6d5f9a364d14503991c14d8a7.jpg
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба Гагратәи алхратә ҭыԥ №3 аҿы ибжьы иҭиит. Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иара иҳәеит игәалаҟазаара шыбзиоу, ахада ҿыц иҟынтәи аҳәынҭқарра аргылара иадҳәалоу аусурақәа рырцыхцыхра дшазыԥшу. Иахьа Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Атәылаҿы иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ, Урыстәыла - ҩба.Гагра ақалақь 3-тәи аҭыԥантәи алхратә комиссиа ахантәаҩы Алла Сыҷынааԥҳа лажәақәа рыла, шьыжьымҭан асааҭ 10:00 рҟынӡа абжьыҭирахь инеихьан 2500-ҩык рҟынтәи 130-ҩык алхыҩцәа.Аԥсны ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0f/1053779886_104:0:1053:712_1920x0_80_0_0_b885ad1b887ec1d1efb24c6c3375701b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы иҭиит
11:06 15.02.2025 (ирҿыцуп: 11:12 15.02.2025) Жәабран 15 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит зыҿҳәара ааиаанӡа иазгәаҭаз Аԥсны ахада иалхрақәа. Ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.
АҞӘА, жәабран 15 - Sputnik. Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба Гагратәи алхратә ҭыԥ №3 аҿы ибжьы иҭиит.
Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иара иҳәеит игәалаҟазаара шыбзиоу, ахада ҿыц иҟынтәи аҳәынҭқарра аргылара иадҳәалоу аусурақәа рырцыхцыхра дшазыԥшу.
Иахьа Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Атәылаҿы иаартуп 152 алхырҭатә ҭыԥ, Урыстәыла - ҩба.
Гагра ақалақь 3-тәи аҭыԥантәи алхратә комиссиа ахантәаҩы Алла Сыҷынааԥҳа лажәақәа рыла, шьыжьымҭан асааҭ 10:00 рҟынӡа абжьыҭирахь инеихьан 2500-ҩык рҟынтәи 130-ҩык алхыҩцәа.
Аԥсны ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.