https://sputnik-abkhazia.info/20250217/bastrykin-anapyna-aieit-asny-iou-urystylauaa-rzina-reilagarazy-agaara-eikaazarts-1053822931.html
Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу урыстәылауаа рзинқәа реилагаразы агәаҭара еиҿкаазарц
Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу урыстәылауаа рзинқәа реилагаразы агәаҭара еиҿкаазарц
Sputnik Аҧсны
Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рықәмақарреи рзинқәа реилагареи рзы ашьаусԥшааратә гәаҭара еиҿкаазарц. 17.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-17T20:04+0300
2025-02-17T20:04+0300
2025-02-22T17:45+0300
ажәабжьқәа
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
урыстәыла
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/11/1038695440_0:172:3028:1875_1920x0_80_0_0_78e6fb30596debb8779d62f689ecf1f5.jpg
Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рықәмақарреи рзинқәа реилагареи рзы ашьаусԥшааратә гәаҭара еиҿкаазарц. Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаусеилыргаратә еилакы ахантәаҩы Александр Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рықәмақарреи рзинқәа реилагареи афакт ала ашьаусԥшааратә гәаҭара аиҿкаара ҳәа РИА Новости адырра алҭеит Урыстәыла Ашьаусеилыргаратә еилакы аофициалтә хаҭарнак Светлана Петренко. Петренко иазгәалҭеит, аинформациатә хархәагақәа жәпакы рҿы адыррақәа шыҟоу Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа руаӡәк иинтересқәа рзы аус зуа хаҿқәак аҭыԥантәи ауааԥсыра, Урыстәыла атәылауаҩра змоугьы уахь иналаҵаны, иалкаау политикатә мчрақәак ирыдгыларц шрыдырҵо. Уи адагьы, аерманцәа Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа рганахьала амч ахархәаразы амақаррақәа ҟаҵан. "Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 12 ахәҭа 2 инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа анҭыҵ ацәгьоура ҟазҵаз аҳәаанырцәтә тәылауаа урыстәылатәи азакәанԥҵара анормақәа ирықәыршәаны ашьауӷатә ҭакԥхықәра иақәыршәазар ауеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ иганахьала ацәгьоура ҟарҵазар", — ҳәа инацылҵеит лара.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/11/1038695440_150:0:2879:2047_1920x0_80_0_0_92c433629898125081c87f9ed0bef737.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025, аԥсны
ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025, аԥсны
Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу урыстәылауаа рзинқәа реилагаразы агәаҭара еиҿкаазарц
20:04 17.02.2025 (ирҿыцуп: 17:45 22.02.2025) Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рықәмақарреи рзинқәа реилагареи рзы ашьаусԥшааратә гәаҭара еиҿкаазарц.
Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаусеилыргаратә еилакы ахантәаҩы Александр Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рықәмақарреи рзинқәа реилагареи афакт ала ашьаусԥшааратә гәаҭара аиҿкаара ҳәа РИА Новости адырра алҭеит Урыстәыла Ашьаусеилыргаратә еилакы аофициалтә хаҭарнак Светлана Петренко.
"Амч змоу азакәанԥҵара аԥҟарақәа инарықәыршәаны Урыстәыла Ашьаусеилыргаратә еилакы ахантәаҩы Ашьаусеилыргаратә усбарҭа хада ахантәаҩы анапынҵа ииҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рықәмақарреи рзинқәа реилагареи афакт ала ашьаусԥшааратә гәаҭара еиҿкаазарц. Агәаҭара шымҩаԥысуа аилак ахантәаҩы хаҭала дахылаԥшлоит", — лҳәеит лара.
Петренко иазгәалҭеит, аинформациатә хархәагақәа жәпакы рҿы адыррақәа шыҟоу Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа руаӡәк иинтересқәа рзы аус зуа хаҿқәак аҭыԥантәи ауааԥсыра, Урыстәыла атәылауаҩра змоугьы уахь иналаҵаны, иалкаау политикатә мчрақәак ирыдгыларц шрыдырҵо. Уи адагьы, аерманцәа Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа рганахьала амч ахархәаразы амақаррақәа ҟаҵан.
"Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 12 ахәҭа 2 инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа анҭыҵ ацәгьоура ҟазҵаз аҳәаанырцәтә тәылауаа урыстәылатәи азакәанԥҵара анормақәа ирықәыршәаны ашьауӷатә ҭакԥхықәра иақәыршәазар ауеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ иганахьала ацәгьоура ҟарҵазар", — ҳәа инацылҵеит лара.