Урыстәыла

Урыстәылатәи аделегациа Ер-Риад инеит Еиду Америкатәи аштатқәеи дареи реиҿцәажәарақәа рзы

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча представителей РФ и США по Украине
Встреча представителей РФ и США по Украине - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Урыстәылатәи аделегациа Ер-Риад инеит Еиду Америкатәи аштатқәа рхаҭарнакцәеи дареи реиҿцәажәаразы.
Лавров дызну аҭыхымҭақәа л-Telegram-канал аҿы иҭалгалеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
Америкатәи аделегациа напхгара аиҭоит аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио.  Аганқәа аҩганктәи аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылареи, Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи рнапхгаҩцәа рсаммит аҽазыҟаҵарақәеи, Украина иазкны иҟалар зылшо аиҿцәажәарақәеи рылацәажәара азԥхьагәаҭаны ирымоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0