Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Занҭариа еиҭеиҳәеит иахьазы Аҟәа аинфекциатә хәышәтәырҭа шаҟаҩы адҵаало атәы

Занҭариа еиҭеиҳәеит иахьазы Аҟәа аинфекциатә хәышәтәырҭа шаҟаҩы адҵаало атәы
Анапаҵаҩра
Аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Дамеи Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ахьҭалаларақәа инарымаданы ачымазара ҿкы зманы ирыдҵаало ахьынӡарацәоу, хәшәыла иахьынзеиқәшәоу, амедицина аусзуҩцәа зибархома ахәшәтәырҭаҿы.
Сынтәа ҵыԥхи ҵыԥхцәеи ирҿырԥшны ачымазцәа иаҳа ирацәахеит, агрипп чымазара хкы заҵәык акәӡам ҩба-хԥа злоу рыдыркылоит, иҳәеит Занҭариа.
"Иара ачымазарагьы аҽарцәгьеит. Иаҳҳәап, ҵыԥх агрипп заҵәык ҳамазҭгьы, сынтәа уи акы мацара зыхьуа ачымазцәа маҷуп. Еиҳарак ҩба-хԥа чымазара ҿкы злоу ауаа ҳадаҳкылоит. Хыԥхьаӡарала иуҳәозар, иахьазы мышкы иалагӡаны ҳахәшәтәырҭа иадҵаалоит 160-180- ҩык. Урҭ рахьынтә аиҳараҩык хәыҷқәоуп, 100-110 -ҩык инарзынаԥшуа. Ахәшәтәырҭа иадҵаало рнаҩсгьы ишьҭоу рацәоуп. Есҽны шьоукы ауҳажьуеит, ҿыц ауаа шьҭалоит. Иахьазы 32-ҩык ачымазцәа шьҭоуп", - иҳәеит Занҭариа.
Аҳақьым иазгәеиҭеит аԥхьатәи амш азы иаразнак антибиотик ажәра аҭахым, ашоура артәагеи, авитаминқәеи, иара убас аӡы рацәаны ижәтәуп ҳәа. Ауаҩы иҭагылазаашьа анеиӷьымха ҩымш рыла, усҟан, хымԥада, аҳақьымцәа рыдҵаалара аҭахуп, иҳәеит Занҭариа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0