Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уахыки-ҽнаки ирылагӡаны Аҟәатәи ацхыраара ласы амаҵзурахьы 40 инареиҳаны ааԥхьара ҟаҵан

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина скорой помощи
Машина скорой помощи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки ирылагӡаны Аҟәатәи ацхыраара ласы амаҵзурахьы 40 инареиҳаны ааԥхьара ҟаҵан. Ацхыраара ласы амаҵзура аҳақьым хада Аслан Џьопуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҟәа араион амаҵ руеит ҩ-машьынак, урҭ рныҟәаратә лшара ҳаракуп, асы шлеиуагьы, амҩақәа рҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, ақалақь иахьаҵанакуа аусура рылшоит.
"Аусура иаабац арежим ала имҩаԥысуеит. Иҳаҩсыз 24 сааҭ рыла Аҟәеи Аҟәа араиони рыҩнуҵҟа 41 ааԥхьара ҳауит. Аҭеласрақәа рхыԥхьаӡара маҷк еиҵан. Уаанӡа уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа 50 раҟара ааԥхьара ҳарҭон. Сара уи аҳауатә ҭагылазаашьа иадысҳәалоит", — ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Џьопуа иҳәеит ақәа анауа ма асы анауа шьоукы, иаҳҳәап, ашьақәыӷәӷәара ҳарак змоу ауаа, рхы еиӷьны ирбо иалагоит, убри аҟынтә иаҳа имаҷны ауаа аҭел иасуеит.
Убри аан, иара иажәақәа рыла, акадрқәа рзымхара апроблема ыҟоуп. Есыҽны ҩба ма хԥа гәыԥ ҷаԥшьоит, урҭ ҩыџьа амедицинатә усзуҩцәеи аныҟәцаҩи рыла ишьақәгылоуп, уаанӡа ԥшь-гәыԥк ыҟан, иаҭаххар, ахәбатәи агәыԥгьы иаарласны аизгара алшон. Аха уажәы Аԥсны акурорттә усхк активла аҿиара аиуит, аусзуцәа аӡәырҩы рџьабааԥса еиҳаны иахьроуа аҭыԥқәа рахь ицоит. Убри иахҟьаны, ӡынгьы-ԥхынгьы аҟазауаа азхом.
Ажәабжьқәа зегьы
0