Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла Аԥсны ашколқәа 22 мобилтә компиутертә класс рынаҭеит

© SputnikКомпьютерный класс открыли в сухумском лицей-интернат
Компьютерный класс открыли в сухумском лицей-интернат  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2025
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аԥсны ашколқәа 22 мобилтә компиутертә класс рынаҭеит. Ахәыҷқәа уаҟа еиуеиԥшым амаҭәарқәа рҵалар рылшоит, арҵаҩцәа онлаин аҟазаратә-классқәа ирылахәхоит.
"Ари ашколқәа рҿы аҵарадырратә процесс иинновациатәны, алҵшәа бзиа аманы иҟанаҵоит, ахәыҷқәа рыбжьара аҵарахьы аинтерес еизнарҳауеит", — ҳәа азгәеиҭеит аиҿкаара "Россия Молодая" Краснодартәи аҟәша аиҳабы Роман Марченко.
Зегь раԥхьа компиутерла еиқәдыршәаз аҵараиурҭақәа иреиуоуп К. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернат. Уаҟа ирыҭаз акомпиутерқәа рыла аҵаҩцәа рзы раԥхьатәи аурок мҩаԥган.
Иара убасгьы Армавиртәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет (АГПУ) ахаҭарнакцәа арҵаратә процесс аҿы атехника ҿыцқәа хра рыманы рхархәаразы аԥсуа рҵаҩцәа аҟазаратә-классқәа рзымҩаԥыргеит.
Акомпиутертә классқәа раагара Бадра Гәынба Москва даныҟаз имҩаԥигаз аилаӡарақәа рылҵшәақәа ируакуп.
"Ари иахьатәи ҳаамҭазы иаҭаху, даара акрызҵазкуа цхыраароуп. Ахәыҷқәа зегьы иаразнак еимҵԥааны ахархәашьа рҵоит, убри азы ҳаамҭазтәи атехникатә хархәагақәа рхы иадырхәароуп. Ас еиԥш алшарақәа ашколқәа зегьы рҿы иҟазарц сҭахуп. Ҳара уи аиҿкаара хымԥада ҳҽазаҳшәалоит", — ҳәа иҳәеит Гәынба.
Иара ашколхәыҷқәа ирзеиӷьеишьеит ианрызҳалак, раԥхьа иргыланы, иуаа бзианы иҟало, рыԥсадгьыл азы аџьабаа рацәаны ирбо, иалырхуа рзанааҭ аҟны аҟазара аадырԥшуа иҟаларц.
Ааигәа иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аԥсуа школқәа автобус ҿыцқәеи 120 интерактивтә классӷәқәеи роуит.
Марченко иажәақәа рыла, Урыстәыла иазԥхьагәаҭаны иамоуп хара имгакәа Аԥсныҟа еиҭах ашколтә автобусқәа раашьҭра, иара убасгьы ахәыҷтәы хәмарырҭақәеи 12 спорттә дәқәеи рыргылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0