Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акинофорум алахәылацәа еиҭарҳәеит аусмҩаԥгатәи Аԥсни ирызцәырыргаз ацәаныррақәа ртәы

© SputnikПресс-конференция участников Международного форума "Эхо "Евразия-Кинофест"
Пресс-конференция участников Международного форума Эхо Евразия-Кинофест - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Аҟәа иацы иаатыз Жәларбжьаратәи афорум "Эхо "Евразия-Кинофест" алахәылацәа Sputnik апресс-центр аҿы аусмҩаԥгатәи Аԥсни ирызцәырыргаз ацәаныррақәа ртәы еиҭарҳәеит.
"Сара Аԥсны аҭыхрақәа срылахәхахьан, ҩаԥхьа арахь аара сҭахуп, сыԥсы сшьарц мацара акәымкәа, аусуразгьы", — лҳәеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Марина Иаковлева.
Асоветтәии урыстәылатәии ашәаҳәаҩ, акомпозитор, акиноактриса Екатерина Семионова раԥхьаӡа акәны ареспублика даҭааит, уи азы лара акинофорум аиҿкааҩцәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит.
"Сара Аԥсны, Аҟәа, ауаа афестивальқәа рахь аныҟәара иалагар сҭахуп. Раԥхьаҵәҟьа уи зыҟалом, аха нас, сгәанала, маҷ-маҷ азалқәа ҭәуеит, артистцәеи ахәаԥшцәеи гәырӷьаҵәа еиԥыло иалагоит", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Акинофестиваль "Евразия-Кинофест" асахьаркыратә напхгаҩы Сергеи Новожилов иҳәеит аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаԥшцәа идырбахо афильмқәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса".
"Акиносахьа ирацәаӡаны аҳамҭақәа аиуит, Жәларбжьаратәи афестиваль "Евразиагьы" уахь иналаҵаны. Ари иаанаго аԥснытәи акиномотографистцәа алшара дуқәа рымоуп ауп", — иҳәеит иара.
Аиҿкааҩцәа рҽазыршәоит "Евразия-Кинофест" иалахәыз акиносахьақәа рҟынтәи иреиӷьқәоу ахәаԥшцәа дырбара, акинематографиа абзоурала, атрадициатә ҵак дуқәа рыхьчареи апатриотизм аизҳареи ахыц икылганы.
Жәларбжьаратәи акинофорум "Эхо “Евразия-Кинофест" жәабран 27 рзы ихыркәшахоит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны акино дырбареи астол гьыжьқәа рымҩаԥгареи азгәаҭоуп.
Международный кинофорум Эхо Евразия-Кинофест  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2025
Аԥсны
Аҟәа иаатит Жәларбжьаратәи акинофорум "Эхо "Евразия-Кинофест"
Ажәабжьқәа зегьы
0