Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Наур Гармелиа ифильм аԥхьахә ду анаршьеит "Черноречье Фест" афестиваль аҟны

© SputnikПолнометражный фильм "Последняя цена" впервые показали в Абхазии.
Полнометражный фильм Последняя цена впервые показали в Абхазии. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2025
Анапаҵаҩра
"Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аҟны иаарԥшуп 2000-тәи ашықәсақәа рынҵәамҭазы Аԥсны инхо инхоз араса аазрыхуаз аурыс ҭаацәарак рҭоурых.
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" аԥхьахә ду анаршьеит Урыстәылатәи амилаҭтә кино "Черноречье Фест" III афестиваль аҟны.
"Сара сзы афестиваль даараӡа аинтерес аҵан, зегь раԥхьаӡа иргыланы, Мариа Шукшина напхгара ззылуаз аӡбаҩцәа реилазаара", — ҳәа иҳәеит Гармелиа арадио Sputnik аефир аҿы.
Уи адагьы, "Иреиӷьу ахаҵа ироль" аноминациа даԥсахеит акиносахьаҿы афырхаҵа хада ироль назыгӡаз Васили Шьипицын.
III Иаарту урыстәылатәи амилаҭтә кино афестиваль "Черноречье Фест" мҩаԥысуан Нижегородтәи аобласт аҿы жәабран 21 инаркны 25-нӡа.
Съемки фильма Сыбзиоуп (Мне хорошо) - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2025
Аԥсны
Аԥснытәи аҿар "Евразиатәи акинолабораториа" рҽаладырхәыр рылшоит
Ажәабжьқәа зегьы
0