Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла АдәАР Аԥсны абжьыҭира ԥынгылада имҩаԥысп ҳәа агәыӷра шрымоу азгәанаҭеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗдание Министерства иностранных дел России в Москве
Здание Министерства иностранных дел России в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 27 - Sputnik. Москва агәыӷра амоуп, Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа аҩбатәи атур аҿы, алхыҩцәа ԥынгылада рыбжьы рҭиип ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова.
Хәажәкыра аказы Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥгахоит. Уи рхы аладырхәуеит актәи атур аҿы аиааира згаз Бадра Гәынбеи аоппозициа ахаҭарнак Адгәыр Арӡынбеи. Актәи атур аҿы акандидатцәа абыжьқәа роуит 46,38%, 36,92%.
"Урыстәыла аганахь ала, Аҟәа иҟанаҵаз ааԥхьарала уахь идәықәҵахоит анаԥшҩцәа. Дара аҳәаанырцәтәи рҩызцәа ирыцны абжьыҭиратә процесс ахылаԥшра мҩаԥыргоит. Рыцҳарас иҟалаз, абҵарамзазтәи аилаҩынҭра аахыс Аԥсны аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭагылазаашьа инагӡаны иҭышәынтәаламхеит. Абри ашьаҭала, хәажәкыра акы азы атәылауаа зегьы ԥынгыла ҟамҵакәа ркандидат рыбжьы ирҭартә алшара роуеит", — ҳәа лҳәеит лара абрифинг аҿы.
Захарова иазгәалҭеит, Москва иара убасгьы ишазԥшу Аԥсны агәазыҳәара аарԥшра апроцесс ӷәӷәала амилаҭтә закәанԥҵареи зеиԥшла иазхаҵоу адемократиатә нормақәеи ирықәныҟәаны, азакәани аҭышәынтәалареи рыла еиҿкаахоит ҳәа, насгьы уи алҵшәақәа аполитикатә мчрақәа зегьы рыла иазхаҵахап ҳәа.
"Москва агәыӷра амоуп, алхрақәа рхыркәшара Ареспублика ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәара, Урыстәылеи иареи ризыҟазаашьақәа аизҳазыӷьара иацхраауеит ҳәа", — ҳәа лҳәеит лара.
Ажәабжьқәа зегьы
0