Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Отец Виссарион
Отец Виссарион  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Аб Виссарион (Аԥлиа) Аԥсны ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит акзаареи аҭынчреи аадырԥшырц.
"Ҳаԥсуа жәлари аԥсуа дгьылаҿы инхо ауааи ракзаара еиҳарак изыӡбо дара ауаа рморалтә ҭагылазаашьа ауп: ицәаҩашәоу ауаҩы ихықәкқәа рынагӡаразы аиҿагылара ӷәӷәа аметодқәа ихы иаирхәом, аимак-аиҿакқәа ирцыхцыхуам. Ацәаҩашәара еизааигәоу ауаҩи ауаҩи реиӷарара ааннакылоит. Ҳаԥсадгьыл иахьа абжьааԥны еиԥшымкәа аҭынчреи акзаареи аҭахуп ", — азгәаҭоуп Аб Виссарион иааԥхьараҿы.
Иара аԥсуа уаажәларра ргәырҽаниҵеит аимак-аиҿакқәеи аҽеиҟәшареи рҽырцәырыхьчарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0