Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

АҩАР: алхырҭатә ҭыԥ ақәлара алхрақәа раԥхьатәи рылҵшәақәа ирҭакны иҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина МВД Абхазии
Машина МВД Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥсны алхратә ҭыԥ ақәлара алхрақәа раԥхьатәи рылҵшәақәа ирҭакны иҟалеит, иуҳәар ауеит ари политикатә терроризмуп ҳәа, абас РИА Новости ахь адырра ҟаиҵеит ареспублика аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи ахыҵхырҭа.
Уаанӡа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура РИА Новости ахь инанацҳаит еилкаам џьоукы Москватәи аамҭала асааҭ 08:00 инаркны асааҭ 20:00 рҟынӡа Аԥсны ахада иалхрақәа ахьымҩаԥысуаз алхратә ҭыԥ иақәланы абжьыҭиратә бӷьыцқәа зҭарԥсоз акәалаԥ ԥхасҭартәит, амилициа ианааныркылоз ахысра иалагеит ҳәа.
"Алхратә ҭыԥ бџьаршьҭыхрала ақәлареи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рылахысреи – алхрақәа рҿы аоппозициа аиааира шазымгаз азы раԥхьатәи адыррақәа ирызцәырыргаз реакциоуп", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҿы.
Амаҵзура зацәажәоз иациҵеит ҳазлацәажәо политикатә терроризмуп ҳәа.
Дмитрий Маршан - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2025
Аԥсны
Маршьан: Цандрыԥшь аҭагылазаашьа хылаԥшра азуп
Ажәабжьқәа зегьы
0