Амилаҭ рԥыза: Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба
Аԥсуа жәлар рҵеи лаша, Аԥсны раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа, Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсы ҭаны ижәлар дрылагылазҭгьы ихыҵуазаарын 77 шықәса.

Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспореи иареи реиԥылараан.

Владислав Арӡынба диит лаҵара 14, 1945 шықәсазы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан (афото ҭыхын 1950 ш.).

Владислав Арӡынба – еицырдыруа аҵарауаҩ ду, аҭоурыхҭҵааҩ, инапы алакын ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рхаҵарақәеи рыҭҵаара.

1988-1996 шықәсқәа рзы Арӡынба Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аиҳабыс дыҟан.

В. Арӡынбеи Е. Шеварднаӡеи реиԥылара. Қарҭ нанҳәа 14, 1997 шықәса.

1990 шықәсазы Владислав Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩыс далырхуеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар актәи аконгресс аҟны В. Арӡынба икәгылара. Лыхны жьҭаарамза 1992 шықәса.

"Ҳарҭ аибашьра ҳацрарҳәеит. Ҳрымпыҵархаларц, ҳақәырхырц рыӡбеит. Аха ҳара ҳажәлар аиашара иазықәҧон, иагьаиааит Ҳаҧсадгьыл ҳанызхырц зҭахыз, ҳҳәынҭқарра ашьҭамҭа ыҟамкәа иқәызхырц иашьҭаз рҿаҧхьа. Иҧшьоу ари ахеиқәырхаратә еибашьраҿы рыжәҩахыр ҳадыркылеит Аҩада Кавказ, Алада Урыстәыла иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, убасгьы аиашара ҳацрыхьчаразы иааз зыламыс ӷәӷәоу ауаа зегьы!" – Владислав Арӡынба.

Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба, Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада аб Басариан, урыстәылатәи аҵарауаҩ, ателедырраҭара "Клуб путешественников" амҩаԥгаҩ Иури Сенкевич. Афильм "Аԥсны аиашахаҵара" аҭыхраан, 1999 ш.

Владислав Арӡынба урыстәылатәи абжьаҟазаратә мчқәа рыдҵаҟаҵаҩцәа рԥылараан.

Владислав Арӡынба ихәыҷрашықәсқәа зегьы иқыҭа гәаҟьа ихигеит. Иаб Григори Константин-иԥа Арӡынба шықәсы рацәа ашкол аҟны аҭоурых риҭон, ашкол аҵара аҟәша деиҳабын. Иан Надежда Шьабан-иԥҳа Иазычба ашкол аҟны усеилыргаҩыс дыҟан.

Владислав Арӡынба иаб игәараҭа Ешыра.

Владислав Арӡынба иаб игәараҭа Ешыра.
Владислав Арӡынба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар актәи аконгресс алахәылацәеи иареи. Лыхны, жьҭаарамза 1992 ш.

Владислав Арӡынба аполитика ду ахь дааит 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы, Аԥсны амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара анеилашуаз.

Владислав Арӡынба 1969-1988 шш. рзы аус иуан Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы, иҭиҵаауан ажәытәӡан Азиа Маҷ иқәынхоз ажәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи.

Владислав Арӡынбеи иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениаԥҳаи рыԥҳа Мадинеи.

Иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 65 шықәса дшырҭагылаз, хәажәкыра 4, 2010 шықәсазы.