https://sputnik-abkhazia.info/20250321/asazaara-aayraz-karia-aibashra-du-ialakhyz-iabi-ui-iashtsa-khyki-rourykha-rty-1054191333.html
"Аԥсҭазаара аҳаҭыраз": Кәарҷиа Аибашьра Ду иалахәыз иаби уи иашьцәа хҩыки рҭоурыхқәа ртәы
"Аԥсҭазаара аҳаҭыраз": Кәарҷиа Аибашьра Ду иалахәыз иаби уи иашьцәа хҩыки рҭоурыхқәа ртәы
Sputnik Аҧсны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Асовет Еидгыла Аиааира Аԥсны ахәҭаа маҷымкәа иалоуп. Ҳтәыла аҟынтә 55 - нызқьҩык инареиҳаны анемец фашизм иаҿагыланы еибашьуан... 21.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-21T17:06+0300
2025-03-21T17:06+0300
2025-04-04T14:09+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
аиааира ду аҭоурыхқәа
аԥсҭазаара аҳаҭыраз
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/15/1054191462_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_a48e2400842c87bf6e02073d2d881a75.jpg.webp
"Аԥсҭазаара аҳаҭыраз": Кәарҷиа Аибашьра Ду иалахәыз иаби уи иашьцәа хҩыки рҭоурыхқәа ртәы
Sputnik Аҧсны
"Аԥсҭазаара аҳаҭыраз": Кәарҷиа Аибашьра Ду иалахәыз иаби уи иашьцәа хҩыки рҭоурыхқәа ртәы
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Асовет Еидгыла Аиааира Аԥсны ахәҭаа маҷымкәа иалоуп. Ҳтәыла аҟынтә 55 - нызқьҩык инареиҳаны анемец фашизм иаҿагыланы еибашьуан аԥсадгьыл аиқәырхаразы. Урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык еиҳаны аҩныҟа изыхнымҳәит. Сынтәа Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра инамаданы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ихацыркуп адырраҭара "Аԥсҭазаара аҳаҭыраз".Атанк аҿы ахысыҩс иҟаз, занааҭла ирҵаҩыз Еремеи Базала-иԥа Кәарҷиа ҩ - еибашьрак дрылахәын: Асоветтә-финтәии Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи. Ленинград ақалақь анемеццәа рҟынтә ахьчараан изныкымкәа ахәрақәа иоухьан. Уи ифырхаҵаратә мҩа, иара убас аибашьра ицаз иаб иашьцәа гәакьацәа хҩык арадио аефир аҟны игәалаиршәеит Нури Кәарҷиа.Базала Кәарҷиа иҷкәынцәа ԥшьҩык - Џьагон, Иакәаб, Еремеи, Макар Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын. Аминаршәгатә взвод адҵаҟаҵаҩс иҟаз Макар Кәарҷиа акыр шықәса хабарда дыбжьаӡит ҳәа иԥхьаӡан, анаҩс еилкаахеит Керч дышҭахаз хәажәкыра 1944 шықәсазы. "Дара адунеи рыԥсаххьеит, рыӡбахә иуҭахызар иҳәа, ма иумҳәан, дара рзы акгьы аанагаӡом, аха ари ааӡагоуп аҿар рзы, ахәыҷқәа, рмоҭацәа рзы. Ауаҩы дызҿыԥшуа димазароуп, мамзар дымҩахҟьар ҟалоит, еилкаара маҷхар ауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа ицәажәараҿы афырхацәа ргәалашәара аҵакы дазааҭгыло.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/15/1054191462_98:0:1235:853_1920x0_80_0_0_668ec49615dbe6544594af8ab54a376d.jpg.webpSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аиааира ду аҭоурыхқәа, аудио, аԥсҭазаара аҳаҭыраз
аԥсны, аподкаст, аиааира ду аҭоурыхқәа, аудио, аԥсҭазаара аҳаҭыраз
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Асовет Еидгыла Аиааира Аԥсны ахәҭаа маҷымкәа иалоуп. Ҳтәыла аҟынтә 55 - нызқьҩык инареиҳаны анемец фашизм иаҿагыланы еибашьуан аԥсадгьыл аиқәырхаразы. Урҭ рахьынтә 17 нызқьҩык еиҳаны аҩныҟа изыхнымҳәит. Сынтәа Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра инамаданы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ихацыркуп адырраҭара "Аԥсҭазаара аҳаҭыраз".
Атанк аҿы ахысыҩс иҟаз, занааҭла ирҵаҩыз Еремеи Базала-иԥа Кәарҷиа ҩ - еибашьрак дрылахәын: Асоветтә-финтәии Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи. Ленинград ақалақь анемеццәа рҟынтә ахьчараан изныкымкәа ахәрақәа иоухьан. Уи ифырхаҵаратә мҩа, иара убас аибашьра ицаз иаб иашьцәа гәакьацәа хҩык арадио аефир аҟны игәалаиршәеит Нури Кәарҷиа.
Базала Кәарҷиа иҷкәынцәа ԥшьҩык - Џьагон, Иакәаб, Еремеи, Макар Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын. Аминаршәгатә взвод адҵаҟаҵаҩс иҟаз Макар Кәарҷиа акыр шықәса хабарда дыбжьаӡит ҳәа иԥхьаӡан, анаҩс еилкаахеит Керч дышҭахаз хәажәкыра 1944 шықәсазы.
"Дара адунеи рыԥсаххьеит, рыӡбахә иуҭахызар иҳәа, ма иумҳәан, дара рзы акгьы аанагаӡом, аха ари ааӡагоуп аҿар рзы, ахәыҷқәа, рмоҭацәа рзы. Ауаҩы дызҿыԥшуа димазароуп, мамзар дымҩахҟьар ҟалоит, еилкаара маҷхар ауеит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа ицәажәараҿы афырхацәа ргәалашәара аҵакы дазааҭгыло.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.