https://sputnik-abkhazia.info/20250327/asny-iazku-adazdam-adokumentalt-filma-rtsifrarkra-magakhoit-1054258889.html
Аԥсны иазку адаздам адокументалтә фильмқәа рцифраркра мҩаԥгахоит
Аԥсны иазку адаздам адокументалтә фильмқәа рцифраркра мҩаԥгахоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны иазку адаздам адокументалтә фильмқәа рцифраркра мҩаԥгахоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Акультура аминистрра апресс-маҵзура. 27.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-27T19:17+0300
2025-03-27T19:17+0300
2025-03-27T19:40+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/03/1031764251_0:156:1501:1000_1920x0_80_0_0_d9a3ef3fb40ee2bc711158b4f3e70ee2.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны иазку адаздам адокументалтә фильмқәа рцифраркра мҩаԥгахоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Акультура аминистрра апресс-маҵзура.Урыстәыла Аҳәынҭқарратә кинофонд адиректор хада Денис Аксионов аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делбеи иареи реиԥылараҿы иҳәеит афонд аҿы архивтә материалқәа рацәаны ишыҟоу. Аиԥылараҿы иара убас иалацәажәеит аусеицура аплан. Аксионов Аԥснытәи астудентцәа Аҳәынҭқарратә кинофонд аҿы астажировка иахысразы ааԥхьара риҭеит, ареспублика ахаҭарнакцәа Москватәи Жәларбжьаратәи архивтә киноқәа рфестиваль рхы аладырхәырц рыдигалеит, иара убас ари афестиваль амшқәа руак Аԥсны имҩаԥгахарц ажәалагала ҟаиҵеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/02/03/1031764251_36:0:1369:1000_1920x0_80_0_0_0d8ddec1e1daa6cf5e9cf450c7dd8984.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны иазку адаздам адокументалтә фильмқәа рцифраркра мҩаԥгахоит
19:17 27.03.2025 (ирҿыцуп: 19:40 27.03.2025) АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны иазку адаздам адокументалтә фильмқәа рцифраркра мҩаԥгахоит ҳәа
аанацҳауеит Аԥсны Акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә кинофонд адиректор хада Денис Аксионов аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делбеи иареи реиԥылараҿы иҳәеит афонд аҿы архивтә материалқәа рацәаны ишыҟоу.
"Ҳара Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҵанакуа афонд ду ҳамоуп. Зеиԥшыҟам аҭыхымҭақәа, ХХ ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа инадыркны 80-тәи ашықәсқәа рҟынӡа. Аԥсны акультура аминистрреи ҳареи ҳалацәажәаны, ацифраркра аплан еиқәҳаршәоит", — иҳәеит иара.
Аиԥылараҿы иара убас иалацәажәеит аусеицура аплан. Аксионов Аԥснытәи астудентцәа Аҳәынҭқарратә кинофонд аҿы астажировка иахысразы ааԥхьара риҭеит, ареспублика ахаҭарнакцәа Москватәи Жәларбжьаратәи архивтә киноқәа рфестиваль рхы аладырхәырц рыдигалеит, иара убас ари афестиваль амшқәа руак Аԥсны имҩаԥгахарц ажәалагала ҟаиҵеит.