https://sputnik-abkhazia.info/20250327/ireiaou-abara-adeputat-adgyr-arazia-ikhymagasha-atsgourat-azshaa-aman-1054257775.html
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа: адепутат Адгәыр Ҳаразиа ихымҩаԥгашьа ацәгьоуратә ҟазшьақәа аман
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа: адепутат Адгәыр Ҳаразиа ихымҩаԥгашьа ацәгьоуратә ҟазшьақәа аман
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа ихымҩаԥгашьақәа рҿы ацәгьоуратә ҟазшьақәа ыҟоуп ҳәа... 27.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-27T18:21+0300
2025-03-27T18:21+0300
2025-03-27T18:21+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/0e/1032217597_2:0:2598:1460_1920x0_80_0_0_fb6dfda3a4f71b013a4f95d2761cb27d.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа ихымҩаԥгашьақәа рҿы ацәгьоуратә ҟазшьақәа ыҟоуп ҳәа алкаа ҟанаҵеит. Зыӡбахә ҳәоу Аԥсны ашьаустә закщанеидкыла ахәҭаҷ 217 актәи ахәҭаҿы иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа роуп – изакәанымкәа абџьар аахәара, аӡәы иҭара, аҭира, аҵәахра, амҩангара, мамзаргьы аныҟәгара ҳәа аанацҳауеит аӡбарҭа апресс-маҵзура. 2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Аԥсны Апарламент аҿы иҟалаз ахысра иахҟьаны Апарламент адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа дхәын. Агәызҩара ззыҟоу адепутат Адгәыр Ҳаразиа дыбналеит, иԥшаара рылаҳәоуп. Ԥхынҷкәынмза 21 рзы изаамҭанытәимыз аилатәараҿы Апарламент адепутатцәа зегьы еицҿакны рыбжьы рҭиит Ҳаразиа иламкьысратә зин ихыхзарц. Уи адепутаттә мандат имхра алшоит, аус аганахьала ахара идырҵар.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/0e/1032217597_326:0:2273:1460_1920x0_80_0_0_710e183cf15cf269d902356679c4b004.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа: адепутат Адгәыр Ҳаразиа ихымҩаԥгашьа ацәгьоуратә ҟазшьақәа аман
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа ихымҩаԥгашьақәа рҿы ацәгьоуратә ҟазшьақәа ыҟоуп ҳәа алкаа ҟанаҵеит.
Зыӡбахә ҳәоу Аԥсны ашьаустә закщанеидкыла ахәҭаҷ 217 актәи ахәҭаҿы иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа роуп – изакәанымкәа абџьар аахәара, аӡәы иҭара, аҭира, аҵәахра, амҩангара, мамзаргьы аныҟәгара ҳәа
аанацҳауеит аӡбарҭа апресс-маҵзура.
2024 шықәса ԥхынҷкәынмза 19 рзы Аԥсны Апарламент аҿы иҟалаз ахысра иахҟьаны Апарламент адепутат Вахтанг Гәаланӡиа дҭахеит, Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа дхәын. Агәызҩара ззыҟоу адепутат Адгәыр Ҳаразиа дыбналеит, иԥшаара рылаҳәоуп.
Ԥхынҷкәынмза 21 рзы изаамҭанытәимыз аилатәараҿы Апарламент адепутатцәа зегьы еицҿакны
рыбжьы рҭиит Ҳаразиа иламкьысратә зин ихыхзарц. Уи адепутаттә мандат имхра алшоит, аус аганахьала ахара идырҵар.