https://sputnik-abkhazia.info/20250327/nizhni-novgorod-aiabyra-aaa-ishiashou-iaaua-aairyrraa-asubsidiaa-rzouzhra-ialageit-1054259173.html
Нижни Новгород аиҳабыра Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирԥыррақәа асубсидиақәа рзоужьра иалагеит
Нижни Новгород аиҳабыра Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирԥыррақәа асубсидиақәа рзоужьра иалагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Нижни Новгород аиҳабыра Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирԥыррақәа асубсидиақәа рзоужьра иалагеит. 27.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-27T20:00+0300
2025-03-27T20:00+0300
2025-03-27T20:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/10/1033218748_0:147:3119:1901_1920x0_80_0_0_93d066cd395c9105976c665d6712c7b4.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Нижни Новгород аиҳабыра Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирԥыррақәа асубсидиақәа рзоужьра иалагеит. Аԥсныҟа аҳаирԥыррақәа рдәықәҵара ишазхиоу азы Шалабаев аҳәамҭа ҟаиҵахьан ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы. Аҳаиреимадара ашьақәыргылара аҩқалақьк реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы акрызҵазкуа шьаҿахоит ҳәа ахиҳәааит иара усҟан. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аус ауӡомызт 1993 шықәса инаркны. Урыстәыла алахәны аиҭашьақәыргыларақәа ирылагеит 2023 шықәса рзы, аԥышәара ԥырра мҩаԥысит 2025 шықәса жәабран 7 рзы. Иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаирԥыррақәа рдәықәҵара ргәы иҭоуп лаҵарамза 1 инаркны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/10/1033218748_338:0:3069:2048_1920x0_80_0_0_318301fe922c3e4cae9a9db1793ca67a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Нижни Новгород аиҳабыра Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирԥыррақәа асубсидиақәа рзоужьра иалагеит
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Нижни Новгород аиҳабыра Аҟәаҟа ишиашоу иаауа аҳаирԥыррақәа асубсидиақәа рзоужьра иалагеит.
"Ҳгәы иҭоуп иааиуа акурорттә сезон азы аҳаирмҩангарақәа рымҩаԥгара. Уажәы иманшәалоу аԥыррақәа рымҩаԥгара иазхиоу амҩангаҩцәа рҟынтәи ажәалагалақәа ҳарзыԥшуп", — ҳәа иҩит Нижни Новгород ақалақь ахада Иури Шалабаев.
Аԥсныҟа аҳаирԥыррақәа рдәықәҵара ишазхиоу азы Шалабаев аҳәамҭа ҟаиҵахьан ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы. Аҳаиреимадара ашьақәыргылара аҩқалақьк реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы акрызҵазкуа шьаҿахоит ҳәа ахиҳәааит иара усҟан.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аус ауӡомызт 1993 шықәса инаркны. Урыстәыла алахәны аиҭашьақәыргыларақәа ирылагеит 2023 шықәса рзы, аԥышәара ԥырра мҩаԥысит 2025 шықәса жәабран 7 рзы. Иааиԥмырҟьаӡакәа аҳаирԥыррақәа рдәықәҵара ргәы иҭоуп лаҵарамза 1 инаркны.