https://sputnik-abkhazia.info/20250330/agyraashazy-iashoi-agyrarei-agyraashei-iryzku-galasharaak--1054277075.html
"Агәырӷьаҿҳәашазы иҳашәҭои?!": агәырӷьареи агәырӷьаҿҳәашеи ирызку гәалашәарақәак
"Агәырӷьаҿҳәашазы иҳашәҭои?!": агәырӷьареи агәырӷьаҿҳәашеи ирызку гәалашәарақәак
Sputnik Аҧсны
Агәырӷьара анумоу аамҭазы уцәаныррақәа аӡәы ицеиҩыушар уҭаххоит убри аҭагылазаашьа иазылкуеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна... 30.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-30T18:18+0300
2025-03-30T18:18+0300
2025-03-30T13:22+0300
аԥсны
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101320/47/1013204711_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_31b534b04c8a3e7cc76ce888a3c5ee9d.jpg
Уҩнуҵҟа зыршәҭуа, усахьа зырлашо, "ухы аҵыс ҭазҵо" цәанырра лашоуп агәырӷьара. Агәырӷьара ануҭаалак, ҵәахышьа амаӡам, еҵәаҵас укәалыкәаџьоит.Агәырӷьара атема иақәҿызҭуа ҳмилаҭ ражәаԥҟақәа инарылукаауеит:АгәырӷьаҿҳәашаДырмит Гәлиа ироман “Камаҷыҷ “ ҳаланарԥшуеит агәырӷьара хҭыс: "…Ҭорҟан дааццакны аҩны дааин, — Агәырӷьаҿҳәаша сышәҭ Есма ԥа длоут, - иҳәан, ишәақь аакнихын, — Ҳажәла иазырҳа! - иҳәан, аҵықьҳәа дхыст". Жәаҳәарада, игәыҟаҵагоуп агәырӷьаҿҳәаша (урысшәала "радостная весть") улымҳа ианҭаҩлак. Гәырӷьаҿҳәашахар ауеит иузааигәоу ауаҩы иҭаацәараԥҵара, асаби иира, бзиарак аҟалара атәы ануаҳауа. Академик Валери Бигәаа ишәҟәы "Аԥсуа фамилистика" адаҟьақәа рҟны уаԥхьоит: "Уаанӡа, аҭацаагацәа ҽыла ианыҟаз "аҭацаагарашәа" ҳәо ицон, абџьар змаз аҿар анхысуаз рацәан. Ашәала урҭ рныҟәара агәырӷьара ишатәыз ддырдыруан излысны ицоз зегьы, хысбжьла – аԥсымыцқьақәа аҩ иҵарцалон: "ҳаибыҭоуп, шәхы ҳалашәымгалан!" ҳәа. Аҭацаагацәа аҩны иазааигәахо ианалагалак, аиҵбацәа рахьтә аӡәы дҩарылҟьаны дыҩуан, Арԥыс ҽырххыла аҭацаагацәа ирзыԥшны ашҭа иҭагылаз ачарауаа дҩарылҵәрааны дышиашаз хыхь дхалон "агәырӷьаҿҳәаша" игон". Ажәабжь бзиазы ҳамҭас ампахьшьи амаҟеи ирҭон."Агәырӷьаҿҳәашазы иҳашәҭои?!"Ашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба иеизга "Адацқәа бзанаҵы аҵла аԥсы ҭоуп" аҿы иааигоит: "Анцәа ду шьарда зымчу илԥха-игәыԥҳа иабзоураны, аҩнаҭаҿы диит ахҭылҵ. Анду абдуи ари агәырӷьаҿҳәаша разҳәаз ирҭон аҳамҭа". Арҭ ажәақәа агәалашәарақәа сыргәылархалеит. Уажәтәи аамҭазы, нас аимадара даҽакала иҟоуп. Џьара гәырӷьарак ааҟаларгьы иаразнак ҭелла иааигәныҩуеит. Схәыҷра зхаану аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа аҭелқәа уиаҟара аларҵәара рмоуцызт, ақыҭаҿы измазгьы аӡәык-ҩыџьак ракәын. Убырҭ дыруаӡәкын сан. Аҭелқәа анҩыҵхахыз "имодоуп" ззырҳәоз, арацәаххыреиԥш еиқәаҵәаз аҭел хәыҷы "Моторолла" лирамшазы саншьа ҳамҭас илиҭан, лнапы иакын. Убри инаҿыҵганы ҳгәарабжьараҿы "агәырӷьара даҿахәҳәаҩхеит". Зеиҳабацәа ажәабжь бзиала изыргәырӷьарц зҭахыз аҿарацәа сан лҭел лассы-лассы "абжьы дыргон". Агәырӷьарақәа иргәырӷьаран аиҳабацәа амаҭа, ма амаҭа ихшаз дҟалеит ҳәа анаарыцҳалак. Ацха еиԥш ихаакәакәараӡа иҟаз ари ажәабжь изыхәҭоу рлымҳаҿынӡа анагара знапы ианырҵоз ахәыҷқәа ҳакәын. Ҳнылбаакәырны, еиҳарак андуцәа ҳнарыдгыланы: "Агәырӷьаҿҳәашазы иҳашәҭои?!", "Агәырӷьаҿҳәаша шәсааҳгеит, уи азыҳәа иҳашәҭои?!" - ҳәа ҳалақәа ԥсеиԥсеиуа ҳнарыхәаԥшлон. Ажәабжь бзиа анрызнаугалак, рхаҿы мрашәа иаалашаны иуҿаԥхон. Уи иаанагоз "унапы ианырҵаз аус" ибзианы инагӡоуп ҳәа акәын. Агәырӷьаҿҳәаша зызнаугаз шаҟь-шаҟьо аҳамҭақәа рырхиара иалагон. Ҳхәыҷқәамзи, андуцәа хаа-мыхаала ҳџьыбақәа дырҭәуан, ирымоу иреиӷьу ампахшь татақәа ҳарҭон, уи азмырхакәа абдуцәа аԥара нацырҵон. Ари еиԥш агәырӷьара иузыннажьыз ацәаныррақәа наунагӡа иуцзаауеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20171113/achkarshra-agarahakuara-apsuaa-rshit-taazarapzara-iasku-sguatakuak-1022373692.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221031/Bzhy-mshynk-dyrkhysthyalt-apsuaa-adzy-ishazykou-1027323320.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101320/47/1013204711_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_aa7a185ae8df96347d0d43be711b6240.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
аԥсны, жәлар рдоуҳа
"Агәырӷьаҿҳәашазы иҳашәҭои?!": агәырӷьареи агәырӷьаҿҳәашеи ирызку гәалашәарақәак
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Агәырӷьара анумоу аамҭазы уцәаныррақәа аӡәы ицеиҩыушар уҭаххоит убри аҭагылазаашьа иазылкуеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа анаҩстәи лматериал.
Уҩнуҵҟа зыршәҭуа, усахьа зырлашо, "ухы аҵыс ҭазҵо" цәанырра лашоуп агәырӷьара. Агәырӷьара ануҭаалак, ҵәахышьа амаӡам, еҵәаҵас укәалыкәаџьоит.
Агәырӷьара атема иақәҿызҭуа ҳмилаҭ ражәаԥҟақәа инарылукаауеит:
"Агәырӷьара шатәны ишоуп" – агәырӷьара анумоу аамҭазы ихышхыҵәо уцәаныррақәа аӡәы ицеиҩыушар уҭаххоит.
"Агәырӷьара зхашҭуа, агәырҩа дааԥшаауеит", "Агәырӷьара анумоу, агәаҟра атәы ухаумыршҭын, агәаҟра анумоу агәырӷьара атәы" – аԥсҭазаараҿы гәырӷьара нагӡа шыҟам еиԥш, гәаҟра мацарагьы зыҟалом. Ауаҩы агәаҟрагьы агәырӷьарагьы еиԥшны дырзыԥшызароуп.
"Игәырӷьо рыгәҭа угылаз, игәаҟуа урыцыз" – уҭынхацәа, уҩыза-уқәла, ужәлар уҳәа ангәырӷьо урыцгәырӷьа, ауадаҩра ианақәшәа урывагыл, урхаҵгыл. Убри ауп абри ажәаԥҟа иҳабжьнаго.
Дырмит Гәлиа ироман “Камаҷыҷ “ ҳаланарԥшуеит агәырӷьара хҭыс: "…Ҭорҟан дааццакны аҩны дааин, — Агәырӷьаҿҳәаша сышәҭ Есма ԥа длоут, - иҳәан, ишәақь аакнихын, — Ҳажәла иазырҳа! - иҳәан, аҵықьҳәа дхыст". Жәаҳәарада, игәыҟаҵагоуп агәырӷьаҿҳәаша (урысшәала "радостная весть") улымҳа ианҭаҩлак. Гәырӷьаҿҳәашахар ауеит иузааигәоу ауаҩы иҭаацәараԥҵара, асаби иира, бзиарак аҟалара атәы ануаҳауа.
Академик Валери Бигәаа ишәҟәы "Аԥсуа фамилистика" адаҟьақәа рҟны уаԥхьоит: "Уаанӡа, аҭацаагацәа ҽыла ианыҟаз "аҭацаагарашәа" ҳәо ицон, абџьар змаз аҿар анхысуаз рацәан. Ашәала урҭ рныҟәара агәырӷьара ишатәыз ддырдыруан излысны ицоз зегьы, хысбжьла – аԥсымыцқьақәа аҩ иҵарцалон: "ҳаибыҭоуп, шәхы ҳалашәымгалан!" ҳәа. Аҭацаагацәа аҩны иазааигәахо ианалагалак, аиҵбацәа рахьтә аӡәы дҩарылҟьаны дыҩуан, Арԥыс ҽырххыла аҭацаагацәа ирзыԥшны ашҭа иҭагылаз ачарауаа дҩарылҵәрааны дышиашаз хыхь дхалон "агәырӷьаҿҳәаша" игон". Ажәабжь бзиазы ҳамҭас ампахьшьи амаҟеи ирҭон.
"Агәырӷьаҿҳәашазы иҳашәҭои?!"
Ашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба иеизга "Адацқәа бзанаҵы аҵла аԥсы ҭоуп" аҿы иааигоит: "Анцәа ду шьарда зымчу илԥха-игәыԥҳа иабзоураны, аҩнаҭаҿы диит ахҭылҵ. Анду абдуи ари агәырӷьаҿҳәаша разҳәаз ирҭон аҳамҭа".
Арҭ ажәақәа агәалашәарақәа сыргәылархалеит. Уажәтәи аамҭазы, нас аимадара даҽакала иҟоуп. Џьара гәырӷьарак ааҟаларгьы иаразнак ҭелла иааигәныҩуеит.
Схәыҷра зхаану аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа аҭелқәа уиаҟара аларҵәара рмоуцызт, ақыҭаҿы измазгьы аӡәык-ҩыџьак ракәын. Убырҭ дыруаӡәкын сан. Аҭелқәа анҩыҵхахыз "имодоуп" ззырҳәоз, арацәаххыреиԥш еиқәаҵәаз аҭел хәыҷы "Моторолла" лирамшазы саншьа ҳамҭас илиҭан, лнапы иакын. Убри инаҿыҵганы ҳгәарабжьараҿы "агәырӷьара даҿахәҳәаҩхеит". Зеиҳабацәа ажәабжь бзиала изыргәырӷьарц зҭахыз аҿарацәа сан лҭел лассы-лассы "абжьы дыргон". Агәырӷьарақәа иргәырӷьаран аиҳабацәа амаҭа, ма амаҭа ихшаз дҟалеит ҳәа анаарыцҳалак.
Ацха еиԥш ихаакәакәараӡа иҟаз ари ажәабжь изыхәҭоу рлымҳаҿынӡа анагара знапы ианырҵоз ахәыҷқәа ҳакәын. Ҳнылбаакәырны, еиҳарак андуцәа ҳнарыдгыланы: "Агәырӷьаҿҳәашазы иҳашәҭои?!", "Агәырӷьаҿҳәаша шәсааҳгеит, уи азыҳәа иҳашәҭои?!" - ҳәа ҳалақәа ԥсеиԥсеиуа ҳнарыхәаԥшлон.
Ажәабжь бзиа анрызнаугалак, рхаҿы мрашәа иаалашаны иуҿаԥхон. Уи иаанагоз "унапы ианырҵаз аус" ибзианы инагӡоуп ҳәа акәын. Агәырӷьаҿҳәаша зызнаугаз шаҟь-шаҟьо аҳамҭақәа рырхиара иалагон. Ҳхәыҷқәамзи, андуцәа хаа-мыхаала ҳџьыбақәа дырҭәуан, ирымоу иреиӷьу ампахшь татақәа ҳарҭон, уи азмырхакәа абдуцәа аԥара нацырҵон.
Ари еиԥш агәырӷьара иузыннажьыз ацәаныррақәа наунагӡа иуцзаауеит.