Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьыкырԥҳа Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵразы аусмҩаԥгатәқәа

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьыкырԥҳа Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵразы аусмҩаԥгатәқәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵразы аусмҩаԥгатәқәа рҽазыҟаҵара мҩаԥысуеит атәыла араионқәа рҿы. Агәалашәаратә акциақәа, ацәыргақәҵақәа, аиԥыларақәа, ахәылԥазқәа уҳәа ирацәоуп иазгәаҭоу. Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи Владислав Арӡынба ииубилеитә рыцхә инамаданы имҩаԥнаго аусеиҿкаатәқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа.
"Владиславраа" захьӡу апроект аус адулара иаҿуп амузеи аҿы. Аԥсны раԥхьатәи ахада ихьӡ захьӡу ауаа еидкыланы аԥхьа аусмҩаԥгатә еиҿкаан Џьыкьырԥҳа аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилак аҿы аус анылуаз. Усҟан иԥшаан 53-ҩык. Уажәы 100-ҩык рҟынӡа ҟалоит ҳәа агәаанагара лымоуп лара.
"Даара аинтерес зҵоу аҭоурыхқәа ҳаԥшааит рыхьыӡ шырхырҵаз иадҳәалоу атәы. Исҭахуп Ешыра абираҟқәа кны парадҵас еиҿыскаарц", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьыкырԥҳа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0