00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Марыхәба еиҭеиҳәеит ансамбль "Амцабз" зныкала аԥхьахәқәа жәпакы ишрыԥсахаз атәы

Марыхәба еиҭеиҳәеит ансамбль "Амцабз" зныкала аԥхьахәқәа жәпакы ишрыԥсахаз атәы
Анапаҵаҩра
Москва еиҿкаау ахәыҷтәы акәашаратә аԥсуа ансамбль "Амцабз" Урыстәыла имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аицлабра-афестиваль "Таланты России" аҟны агран -приқәа ҩба, актәи аҩаӡара адипломқәеи ахраҿақәеи хԥа ирыԥсахеит. Иарбан кәашарақәоу аӡбаҩцәа хызхыз, ансамбль зныкала арсҟак аҳамҭақәа шанашьахаз, иааидкыланы арҿиаратә ҭагылазаашьа зеиԥшроу, гәҭакқәас иамоу ансамбль "Амцабз", арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит асахьаркыратә напхгаҩы Лаша Марыхәба.
"Амцабз" акәашацәа ҩышықәса инацны Никита Михалков иқәыргыламҭа "12" иалахәуп, агастрольқәа ирыхҟьаны еиуеиԥшым афестивальқәа рылахәхара рцәыцәгьоуп, ҳәа азгәеиҭеит ицәажәараҿы ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы. Убасгьы Лаша Марыхәба иҳәеит лымкаала ишгәеиҭо аицлабрақәа, афестивальқәа рҿы ажиури иалоу ажәлар рыкәашара ибзианы иахьынӡардыруа атәы.
"Жәлар рыкәашарақәа ртәы здыруа даннарго (ажиури-азгәаҭа), убасҟан ауп сара ианаласырхәо, егьыс аламала џьаргьы ҳнеиӡом. Ари афестиваль даара амҽхак дуун, 300 инареиҳаны аномерқәа ыҟан, даара ирацәан аноминациақәа, аколлективқәа иалахәыз. Асааҭ 12 рзы инеиз ауха асааҭ 12 рзы ауп ҳанеидыҵ. Жәлар рыкәашараҟны 4 кәашарак дҳарбеит, нас хазы аноминациа аинструментқәа ртәы ахьыҟаз, уа ахәыҷқәа адаулқәа ирысуан, ансамбль аҟны апедагог дҳамоуп, иара иџьабаауп, агран-при ргеит уаагьы. Ажәлар рыкәашарақәа рҟынгьы иаҳгеит агран-при. Егьырҭ акәашарақәа хазы актәи аҩаӡара змоу ҳәа иалыркааит", - иҳәеит Марыхәба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0