Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аԥсни Башкортосҭани, Ҭаҭарсҭани, Ҟарачы-Черкессиеи реиҩызаразы

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аԥсни Башкортостани, Татарстани, Ҟарачы-Черкессиеи реиҩызаразы
Анапаҵаҩра
Башкортосҭан, Ҭаҭарсҭан, Ҟарачы-Черкессиатәи ареспублика асоциал-економикатә, акультуратә хырхарҭақәа рыла Аԥсны иацхраауеит. Арадио Sputnik аефир аҿы аполитолог Беслан Ҳагба арҭ атәылақәеи ҳареи ҳаимадарақәа рхыҵхырҭа атәы далацәажәеит, иахьатәи ҳаизыҟазаашьа ахәшьара аиҭеит.
Аполитолог иажәақәа рыла ҳаимадарақәа даара иҵаулоуп. Иара игәалаиршәеит, Аԥсны аибашьра анцоз аамҭазы Башкортосҭани, Ҭаҭарсҭани, Ҟарачы-Черкессиеи иҟарҵаз адгылара атәы. Усҟан иҟаз аҭагылазаашьа даара имариаӡамызт, аполитикцәа Аԥсны иадгыланы, иаартны иахьцәажәоз акраҵанакуан, ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба аефир аҿы.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0