Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыркәынаа Ҭхьына абаҟа аиҭашьақәыргыларазы: иус бзиоуп

Кәыркәнаа Ҭхьына абаҟа аиҭашьақәыргыларазы: иус бзиоуп
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ацхыраарала Аԥсны араионқәа рҟны абаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа цоит. Урҭ қыҭацыԥхьаӡа Аиааира амш маи 9 -нӡа иахьырыгӡар рҭахуп. Ҭхьына ақыҭан аусурақәа ахьынӡанагоу, насгьы иҟарҵараны иҟоу атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Роман Кәыркәынаа – ақыҭа ахада.
Ақыҭаҿы ҩ-баҟак еиҭашьақәдыргыларц ргәы иҭоуп. Аусурақәа нап дыркуп. Амшцәгьақәа ҳԥырхагахеит, аха ианаамҭоу ҳахьӡап ҳәа агәыӷра ҳамоуп, ҳәа азгәеиҭеит ақыҭа ахада Роман Кәыркәнаа. Иара иажәақәа рыла Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аан иҭахеит 60-ҩык инареиҳаны ҭхьынаа. Иҟоуп хабарда ибжьаӡазгьы, ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Сара сабдугьы аибашьра Ду аҟны дыбжьаӡит. Иахьа уажәраанӡа иҳаздырӡом дахьҭахаз", - иҳәеит иара.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0