Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаатит аицлабра "Аԥсны акоманда" афинал

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииФинал конкурса "Команда Абхазии" (https://abkhazia.team/) открылся в Сухуме
Финал конкурса Команда Абхазии (https://abkhazia.team/) открылся в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Аҟәа иаатит аицлабра "Аԥсны акоманда" афинал.
Аусмҩаԥгатә даҭааит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Иара апроект ареспубликазы иамоу аҵакы инаҵшьны иазгәеиҭеит, афиналистцәа рыдиныҳәалеит.
"Ас еиԥш иҟоу апроект алахәхара шәара шәзы иԥышәа бзиоуп. Афинал аҟынӡа анеира еихьӡара дууп ҳәа сыԥхьаӡоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Иара убас, Бигәаа аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аконкурс аиҿкаараҿы иҟанаҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Латәаралатәи аетап хымш имҩаԥысуеит. Ари аамҭа иалагӡаны, алахәылацәа русуратәи рхатә ҟазшьақәеи аадырԥшыроуп, насгьы анапхгаратә роль хадақәа рҿы рхымҩаԥгашьазы ганрацәала ахәшьара роуроуп.
"Аԥсны акоманда" аҿы аиааира зго 20-ҩык ҟалоит. Урҭ алшара роуеит "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аплатформа "Сенеж" анапхгаратә усура аганахьала аҵараҵара, урыстәылатәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи иԥхьагылоу акомпаниақәеи рҿы астажировка ахысра.
Уи адагьы, аиааира згаз ареспублика анапхгаратә усбарҭақәа рҿы аҭакԥхықәра ду змоу амаҵураҭыԥқәа раанкыларазы алшара роуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0