https://sputnik-abkhazia.info/20250417/azlatsazhasha-amoup-ab-ignati-ashasha-du-mamzargy-chachkhadyl-iazkny-1054510105.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аб Игнати Аԥшьаша Ду, мамзаргьы Чачхадыл иазкны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аб Игнати Аԥшьаша Ду, мамзаргьы Чачхадыл иазкны
Sputnik Аҧсны
Амшаԥныҳәа лаша ааиаанӡа хымш шыбжьоу иазгәарҭоит Аԥшьаша ду. Аԥсуа жәлар рҟны ари амш Чхадыл, мамзаргьы Чачхадыл ҳәа иашьҭоуп. Ари амш азы ауҭраҟны инкауԥсо... 17.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-17T15:21+0300
2025-04-17T15:21+0300
2025-04-17T15:44+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/11/1054510573_0:0:3092:1739_1920x0_80_0_0_4a0625a95c0de6cacc9de2c9c615b079.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аб Игнати Аԥшьаша Ду мамзаргьы Чачхадыл иазкны
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аб Игнати Аԥшьаша Ду мамзаргьы Чачхадыл иазкны
Амшаԥныҳәа лаша ааиаанӡа хымш шыбжьоу иазгәарҭоит Аԥшьаша ду. Аԥсуа жәлар рҟны ари амш Чхадыл, мамзаргьы Чачхадыл ҳәа иашьҭоуп. Ари амш азы ауҭраҟны инкауԥсо зегьы бзиахоит, имарымажахоит рҳәоит. Убасгьы, Чачхадыл азы идыргылоит аишәа, ахәшә злырхуа аҵиаақәа ыҵырхуеит. Ари амш иацу адинтә ҵакы далацәажәоит Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Киут).Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.Ари аҽны ақьырсиан ныҳәарҭақәа рҟны иргәаладыршәоит Иԥшьоу ашьапыӡәӡәареи, Имаӡоу уаххьеи, иџьашьахәу аныҳәареи, а́наԥхареи.Аԥсуаа рҟны ари амш Чхадыл, мамзаргьы Чачхадыл ахьӡуп. Ари аҽны зегь раԥхьа иргыланы ихадароу аишәа аргылароуп. Амшаԥныҳәа ааира азԥхьагәазҭо ахԥатәи еишәаргылароуп ари, шәыла-бысҭалеи кәацла-бысҭалеи иргылаз аишәақәа раамышьҭахь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/11/1054510573_210:0:2941:2048_1920x0_80_0_0_99d34926212fffd8f35bd3b29417cf16.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Амшаԥныҳәа лаша ааиаанӡа хымш шыбжьоу иазгәарҭоит Аԥшьаша ду. Аԥсуа жәлар рҟны ари амш Чхадыл, мамзаргьы Чачхадыл ҳәа иашьҭоуп. Ари амш азы ауҭраҟны инкауԥсо зегьы бзиахоит, имарымажахоит рҳәоит. Убасгьы, Чачхадыл азы идыргылоит аишәа, ахәшә злырхуа аҵиаақәа ыҵырхуеит. Ари амш иацу адинтә ҵакы далацәажәоит Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аб Игнати (Киут).
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ари аҽны ақьырсиан ныҳәарҭақәа рҟны иргәаладыршәоит Иԥшьоу ашьапыӡәӡәареи, Имаӡоу уаххьеи, иџьашьахәу аныҳәареи, а́наԥхареи.
Аԥсуаа рҟны ари амш Чхадыл, мамзаргьы Чачхадыл ахьӡуп. Ари аҽны зегь раԥхьа иргыланы ихадароу аишәа аргылароуп. Амшаԥныҳәа ааира азԥхьагәазҭо ахԥатәи еишәаргылароуп ари, шәыла-бысҭалеи кәацла-бысҭалеи иргылаз аишәақәа раамышьҭахь.