https://sputnik-abkhazia.info/20250418/reikhstag-iakhargylaz-aiaaira-abira-aish-zeishu-abira-aibashrat-fyrkhaara-amuzei-iareit-1054520758.html
Реихстаг иахаргылаз Аиааира Абираҟ аиԥш зеиԥшу абираҟ Аибашьратә фырхаҵара амузеи иарҭеит
Реихстаг иахаргылаз Аиааира Абираҟ аиԥш зеиԥшу абираҟ Аибашьратә фырхаҵара амузеи иарҭеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. 1945 шықәса лаҵарамзазы Реихстаг иахаргылаз Аиааира Абираҟ аиԥш зеиԥшу абираҟ Аҟәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара... 18.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-18T15:01+0300
2025-04-18T15:01+0300
2025-04-18T15:01+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/12/1054519455_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_27ad8c37dd4e3395d6e89297dfb61201.jpg
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. 1945 шықәса лаҵарамзазы Реихстаг иахаргылаз Аиааира Абираҟ аиԥш зеиԥшу абираҟ Аҟәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи иарҭеит. Ари аҭоурых адырга амузеи адиректор Мзиа Беиа ҳамҭас илиҭеит "Ԥсра зқәым архәҭа" жәларбжьаратәи акорпус аҳәаақәҵаҩ ихаҭыԥуаҩ Денис Дементиев. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аԥыза-министр Владимир Делба. Аусмҩаԥгатә аламҭалазы дареи, Апарламент адепутатцәеи, арратә усзуҩцәеи, ауаажәларреи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит. Аиааира абираҟ иԥшьоу ҭоурыхтә маҭәаруп, Аԥсны ҳаҭыр ду азақәуп Асовет жәлар рфырхаҵара ду асимвол адкылара, — иҳәеит Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба. Абираҟ аиԥш зеиԥшу Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аҭара иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы иара Аԥсны ахада Бадра Гәынба ихьӡала ажәахә даԥхьеит. Ешба иҳәеит ареспубликаҿы активла рыҽшазыҟарҵо Аиааира 80 шықәса ахыҵра, абаҟақәеи амемориалтә ӷәқәеи реиҭашьақәыргылара ишаҿу. Акциа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра аламҭалазы еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/12/1054519455_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_2842c4d3fa8389cdfcfdcfa04a9305ee.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. 1945 шықәса лаҵарамзазы Реихстаг иахаргылаз Аиааира Абираҟ аиԥш зеиԥшу абираҟ Аҟәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи иарҭеит.
Ари аҭоурых адырга амузеи адиректор Мзиа Беиа ҳамҭас илиҭеит "Ԥсра зқәым архәҭа" жәларбжьаратәи акорпус аҳәаақәҵаҩ ихаҭыԥуаҩ Денис Дементиев.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аԥыза-министр Владимир Делба. Аусмҩаԥгатә аламҭалазы дареи, Апарламент адепутатцәеи, арратә усзуҩцәеи, ауаажәларреи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит.
Аиааира абираҟ иԥшьоу ҭоурыхтә маҭәаруп, Аԥсны ҳаҭыр ду азақәуп Асовет жәлар рфырхаҵара ду асимвол адкылара, — иҳәеит Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба.
Абираҟ аиԥш зеиԥшу Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аҭара иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы иара Аԥсны ахада Бадра Гәынба ихьӡала ажәахә даԥхьеит.
"Анемец фашизм иаҿагылаз рфырхаҵара, акыр жәашықәса рышьҭахь ақырҭуа агрессорцәа рҟынтә Аԥсны зыхьчоз урҭ рхәыҷқәеи рмоҭацәеи рзы иҿырԥшыган иҟан", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Ешба иҳәеит ареспубликаҿы активла рыҽшазыҟарҵо Аиааира 80 шықәса ахыҵра, абаҟақәеи амемориалтә ӷәқәеи реиҭашьақәыргылара ишаҿу.
Акциа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра аламҭалазы еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра.