https://sputnik-abkhazia.info/20250423/aati-asakhaykhrat-araiurei-afond-aforma-ytsei-auseitsurazy-eishaakheit-1054582323.html
Аҟәатәи Асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи Афонд "Аформа ҿыцқәеи" аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит
Аҟәатәи Асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи Афонд "Аформа ҿыцқәеи" аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аҟәатәи Асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи Ҳаамҭазтәи аҟазара ацхраареи аҿиареи рзы Афонд "Аформа ҿыцқәеи" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. 23.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-23T19:00+0300
2025-04-23T19:00+0300
2025-04-23T20:51+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/17/1054580226_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_06883f346db90ab33c577a3907aa1d2d.jpg
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аҟәатәи Асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи Ҳаамҭазтәи аҟазара ацхраареи аҿиареи рзы Афонд "Аформа ҿыцқәеи" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Ҷыдала, аганқәа ирыӡбеит астудентцәа "Аформа ҿыцқәа" рсахьаҭыхцәа русураҿы ассистентцәа раҳасабала иалахәзарц. Убас ала, дара алшара роуеит адырра ҿыцқәа рырҳара, Аҟәа ақалақь аҿы амуралқәа раԥҵараҟны рлагала аҟаҵара, аԥхьаҟа афонд имҩаԥнаго афестивальқәа рхы рыладырхәыртә еиԥш аҭагылазаашьа аиура. Афонд "Аформа ҿыцқәа" ҳаамҭазтәи аҟазареи стрит-арти раларҵәареи рырҿиареи хықәкыс иҟаҵаны иаԥҵан. Уи ацхыраарала, иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны Урыстәыла 100 инареиҳаны ахыбрақәеи ақалақь аобиектқәеи рҭыӡқәа шәуп. Уажәазы Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы афонд аҟынтәи ԥыҭҩык асахьаҭыхцәа амуралқәа рҭыхра иаҿуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/17/1054580226_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_c5490d478c3aeabb67f909b4210dc5a2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Аҟәатәи Асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи Афонд "Аформа ҿыцқәеи" аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит
19:00 23.04.2025 (ирҿыцуп: 20:51 23.04.2025) АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аҟәатәи Асахьаҭыхратә ҵараиурҭеи Ҳаамҭазтәи аҟазара ацхраареи аҿиареи рзы Афонд "Аформа ҿыцқәеи" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Ҷыдала, аганқәа ирыӡбеит астудентцәа "Аформа ҿыцқәа" рсахьаҭыхцәа русураҿы ассистентцәа раҳасабала иалахәзарц. Убас ала, дара алшара роуеит адырра ҿыцқәа рырҳара, Аҟәа ақалақь аҿы амуралқәа раԥҵараҟны рлагала аҟаҵара, аԥхьаҟа афонд имҩаԥнаго афестивальқәа рхы рыладырхәыртә еиԥш аҭагылазаашьа аиура.
Афонд "Аформа ҿыцқәа" ҳаамҭазтәи аҟазареи стрит-арти раларҵәареи рырҿиареи хықәкыс иҟаҵаны иаԥҵан. Уи ацхыраарала, иҳаҩсыз ашықәс иалагӡаны Урыстәыла 100 инареиҳаны ахыбрақәеи ақалақь аобиектқәеи рҭыӡқәа шәуп.
Уажәазы Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы афонд аҟынтәи ԥыҭҩык асахьаҭыхцәа амуралқәа рҭыхра иаҿуп.