https://sputnik-abkhazia.info/20250423/asny-shraionk-rny-adispanserizatsia-khyrkshoup-1054573863.html
Аԥсны ԥшь-раионк рҟны адиспансеризациа хыркәшоуп
Аԥсны ԥшь-раионк рҟны адиспансеризациа хыркәшоуп
Sputnik Аҧсны
30 шықәса ирылагӡаны мҽхакыҭбаалатәи адиспансеризациа амҩаԥгара иалагеит жәабран 12 рзы, урыстәылатәи аҳақьымцәа 19-нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа гәарҭахьеит. 23.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-23T15:14+0300
2025-04-23T15:14+0300
2025-04-23T15:16+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
агәабзиара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0c/1053726756_0:256:2730:1792_1920x0_80_0_0_aa910f9da1d75f3c337eb58ad8811244.jpg
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Гәдоуҭа, Очамчыра, Аҟәа, Гәылрыԥшь араионқәа рҿы ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа хыркәшоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба абрифинг аҟны.Иара иазгәеиҭеит жәабран 12 инаркны мшаԥы 23-нӡа урыстәылатәи аҳақьымцәа 19-нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа шгәарҭахьоу. Еиҳараӡак дара иаадырԥшыз ацәеижь-абаҩтә система, аендокринтә еилагарақәеи аблабаратә уадаҩрақәеи шраку.Уи адагьы 11-ҩык аҳақьымцәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа рыҩныҟақәа рахь инеины амедицинатә гәаҭара иахрыжьуеит.Адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны анализқәа мҩаԥыргоит аԥснытәи х-лабораториак рҟны. Уахыки-ҽнаки рыла 1200 ҭҵаара мҩаԥыргоит — азеиԥшклиникатә, абиохимиатә, агормоналтә.Едуард Быҭәба иҳәеит, жәаҩык ахәыҷқәа ателемедицинатә консультациақәа рышьҭахь афедералтә медицинатә центрқәа рахь ахәышәтәразы ишышьҭхо.30 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны имҩаԥгоу мҽхакы ҭбаалатәи адиспансеризациа мҩаԥысуеит лаҵарамза нҵәаанӡа, уи Аԥсны араионқәа зегьы аҵанакуеит. Иара мҩаԥгоуп Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала, иалыршахеит Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0c/1053726756_0:0:2730:2048_1920x0_80_0_0_d56a247ea07d377c8278e1328d88a698.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, агәабзиара
ажәабжьқәа, аԥсны, агәабзиара
Аԥсны ԥшь-раионк рҟны адиспансеризациа хыркәшоуп
15:14 23.04.2025 (ирҿыцуп: 15:16 23.04.2025) 30 шықәса ирылагӡаны мҽхакыҭбаалатәи адиспансеризациа амҩаԥгара иалагеит жәабран 12 рзы, урыстәылатәи аҳақьымцәа 19-нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа гәарҭахьеит.
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Гәдоуҭа, Очамчыра, Аҟәа, Гәылрыԥшь араионқәа рҿы ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа хыркәшоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба абрифинг аҟны.
Иара иазгәеиҭеит жәабран 12 инаркны мшаԥы 23-нӡа урыстәылатәи аҳақьымцәа 19-нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа шгәарҭахьоу. Еиҳараӡак дара иаадырԥшыз ацәеижь-абаҩтә система, аендокринтә еилагарақәеи аблабаратә уадаҩрақәеи шраку.
Уи адагьы 11-ҩык аҳақьымцәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа рыҩныҟақәа рахь инеины амедицинатә гәаҭара иахрыжьуеит.
Адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны анализқәа мҩаԥыргоит аԥснытәи х-лабораториак рҟны. Уахыки-ҽнаки рыла 1200 ҭҵаара мҩаԥыргоит — азеиԥшклиникатә, абиохимиатә, агормоналтә.
Едуард Быҭәба иҳәеит, жәаҩык ахәыҷқәа ателемедицинатә консультациақәа рышьҭахь афедералтә медицинатә центрқәа рахь ахәышәтәразы ишышьҭхо.
30 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны имҩаԥгоу мҽхакы ҭбаалатәи адиспансеризациа мҩаԥысуеит лаҵарамза нҵәаанӡа, уи Аԥсны араионқәа зегьы аҵанакуеит.
Иара мҩаԥгоуп Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала, иалыршахеит Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны.