https://sputnik-abkhazia.info/20250424/1054593732.html
Главные темы
Главные темы
Sputnik Аҧсны
24.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-24T13:01+0300
2025-04-24T13:01+0300
2025-04-24T16:21+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/18/1054593600_0:85:1300:816_1920x0_80_0_0_3c43d00ebaa1c6e5817eef77ef8b1c7e.png
Главные темы
Sputnik Аҧсны
•Аԥсны ахада Бадра Гәынба Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны аерман жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит.•Аԥсны акультура аминистрра ирыланаҳәеит Владислав Арӡынба изку иреиӷьу аусумҭазы аицлабра.•Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи еиҳа инарҭбааны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны аерман жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, 1915 шықәсазы аерманцәа аӡәырҩы рынхарҭақәа мчыла ирхыҵыр шакәхаз, Аԥсны рхы шеиқәдырхаз. Урҭ ареспублика иузаҟәымҭхо ихәҭакны ишыҟалаз, аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи ишрылахәу, 1992-1993 шықәсқәа рзы уи ахьыԥшымразы ишықәԥоз. "Урҭ рҟынтәи аӡәырҩы ҳтәыла ахьыԥшымра рхы ақәырҵеит. Иҭахаз ргәалашәара наӡаӡа иҟазааит, абиԥара ҿыцқәа аҭоурых рхамшҭааит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Аԥсны лаҵарамзатәи аныҳәақәа рзы аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара даара ирацәаҩуп, ареспублика урыстәылауаа еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа ирыҵанакуеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра ашьҭахь, лаҵара акы нахыс атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳагьы еизҳауеит, 2025 шықәсазы Урыстәылатәи асасцәа рхыԥхьаӡара рекордтәхар алшоит ҳәа азгәеиҭеит иара РИА Новости иаиҭаз аинтервиу аҿы. Ԥхьаҟа аԥыррақәа ргеографиа еиҳагьы аҽарҭбаауеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ. Макьана аҳаирпланқәа Москва, Красноиарск, Нижни Новгород рҟынтәи ауп иахьыԥыруа, аха Урыстәыла егьырҭ арегионқәагьы аҳаиреимадара ашьақәыргыларазы агәазыҳәарақәа аадырԥшуеит.
Аԥсны акультура аминистрра ирыланаҳәеит Владислав Арӡынба изку иреиӷьу аусумҭазы аицлабра.Уи рхы аладырхәыр рылшоит апрофессионалтә композиторцәа реиԥш амузыка абзиабаҩцәагьы. Жьҭаара 1 аҟынӡа дара џьаргьы инармыгӡац аоригиналтә вокалтә композициақәа наргароуп. Аиааира згаз – амузыкеи ажәақәеи равторцәеи анагӡаҩи аԥаратә ҳамҭақәеи адипломқәеи ранашьахоит, иреиӷьу арҿиамҭақәа Аԥсны раԥхьатәи ахада ишықәс ахыркәшаратә усмҩаԥгатә аана инарыгӡоит.
Дәрыԥшьтәи аҽырҩырҭаҿы иҟоу атрибунақәа еиҭашьақәдыргылеит. Ахыб, амаакырҭақәа, атәарҭақәа, аҭуан рыԥсахреи арлашара ашьақәыргылареи рзы аԥара ареспубликатәи аҭыԥантәи абиуџьетқәа рҟынтәи иазалхуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Валери Аҩӡба.Иара иазгәеиҭеит есышықәсатәи атрадициа инақәыршәаны, Аиааира амш иазкны аҽыбӷаҟазараз Гәдоуҭа араионтә чемпионат лаҵара 8, 9 рзы ақыҭаҿы ишымҩаԥысуа.
•Аԥсны ахада Бадра Гәынба Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны аерман жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит.•Аԥсны акультура аминистрра ирыланаҳәеит Владислав Арӡынба изку иреиӷьу аусумҭазы аицлабра.•Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи еиҳа инарҭбааны Аԥсны ахада Бадра Гәынба Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны аерман жәлар рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, 1915 шықәсазы аерманцәа аӡәырҩы рынхарҭақәа мчыла ирхыҵыр шакәхаз, Аԥсны рхы шеиқәдырхаз. Урҭ ареспублика иузаҟәымҭхо ихәҭакны ишыҟалаз, аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи ишрылахәу, 1992-1993 шықәсқәа рзы уи ахьыԥшымразы ишықәԥоз. "Урҭ рҟынтәи аӡәырҩы ҳтәыла ахьыԥшымра рхы ақәырҵеит. Иҭахаз ргәалашәара наӡаӡа иҟазааит, абиԥара ҿыцқәа аҭоурых рхамшҭааит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.Аԥсны лаҵарамзатәи аныҳәақәа рзы аԥсшьара зҭаху рхыԥхьаӡара даара ирацәаҩуп, ареспублика урыстәылауаа еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа ирыҵанакуеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра ашьҭахь, лаҵара акы нахыс атуристцәа рхыԥхьаӡара еиҳагьы еизҳауеит, 2025 шықәсазы Урыстәылатәи асасцәа рхыԥхьаӡара рекордтәхар алшоит ҳәа азгәеиҭеит иара РИА Новости иаиҭаз аинтервиу аҿы. Ԥхьаҟа аԥыррақәа ргеографиа еиҳагьы аҽарҭбаауеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ. Макьана аҳаирпланқәа Москва, Красноиарск, Нижни Новгород рҟынтәи ауп иахьыԥыруа, аха Урыстәыла егьырҭ арегионқәагьы аҳаиреимадара ашьақәыргыларазы агәазыҳәарақәа аадырԥшуеит.Аԥсны акультура аминистрра ирыланаҳәеит Владислав Арӡынба изку иреиӷьу аусумҭазы аицлабра.Уи рхы аладырхәыр рылшоит апрофессионалтә композиторцәа реиԥш амузыка абзиабаҩцәагьы. Жьҭаара 1 аҟынӡа дара џьаргьы инармыгӡац аоригиналтә вокалтә композициақәа наргароуп. Аиааира згаз – амузыкеи ажәақәеи равторцәеи анагӡаҩи аԥаратә ҳамҭақәеи адипломқәеи ранашьахоит, иреиӷьу арҿиамҭақәа Аԥсны раԥхьатәи ахада ишықәс ахыркәшаратә усмҩаԥгатә аана инарыгӡоит.Дәрыԥшьтәи аҽырҩырҭаҿы иҟоу атрибунақәа еиҭашьақәдыргылеит. Ахыб, амаакырҭақәа, атәарҭақәа, аҭуан рыԥсахреи арлашара ашьақәыргылареи рзы аԥара ареспубликатәи аҭыԥантәи абиуџьетқәа рҟынтәи иазалхуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Валери Аҩӡба.Иара иазгәеиҭеит есышықәсатәи атрадициа инақәыршәаны, Аиааира амш иазкны аҽыбӷаҟазараз Гәдоуҭа араионтә чемпионат лаҵара 8, 9 рзы ақыҭаҿы ишымҩаԥысуа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/18/1054593600_50:0:1250:900_1920x0_80_0_0_88fba2baba08a6df3a0b122eab3e52ba.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио