https://sputnik-abkhazia.info/20250424/1054603341.html
Главные темы
Главные темы
Sputnik Аҧсны
24.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-24T18:01+0300
2025-04-24T18:01+0300
2025-04-24T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/18/1054603209_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_c43346924350de020d4bf92463c3b5ff.jpg
Главные темы
Sputnik Аҧсны
• Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа аерманцәа ргеноцид иалаӡыз игәалаиршәеит • Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны акиносахьақәа ддырбараны иҟоуп. • Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи еиҳа инарҭбааны
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа аерманцәа ргеноцид иалаӡыз игәалаиршәеит. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Ованес Туманиан ихьӡ зху Аҟәатәи 9-тәи ашкол аҿы. Ашколхәыҷқәа атрагедиатә хҭыс ирызкны ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, атеатртә қәгылара мҩаԥыргеит, анаҩс аҟәышәҭын ҟаԥшьқәа амшын ихырҵеит. "Аԥсуа жәлар аерман жәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит. Ҳара иаҳуалуп аҭоурых агәалашәара, уи ҳаҭыр ақәҵара, ԥхьаҟа еиҵагыло абиԥарақәа рымадара. Иҳаҩсыз аамҭа иаҳзаанагаз аҵатәхәқәа реилкаара акырӡа аҵанакуеит, усеиԥш арыцҳарақәа уаҳа иҟамларц азы", — ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа.
Лаҵара 9 Аиааира Ду амшныҳәа — ацәыӡ дуӡӡақәа зауз Асовет жәлар аԥсҭазаарахь рырхынҳәра ауп иаанаго, ҳәа азгәалҭеит амедиа-гәыԥ "Россия сегодня", Sputnik, RT рредактор хада Маргарита Симониан. Афашизм аҿагылараҿы Асовет Еидгыла алагала дууп, уи узызгәдухаша акоуп ҳәа азгәалҭеит лара. "Ари аԥсхҭынҵара ахә ҳаракны иахьышәшьо, иахьышәгәалашәо, ҭабуп ҳәа ахьахышәҳәаауа хәдықәҵара азнауеит ҳара жәларык рыҳасабала аԥсҭазаара ҳаиҭазыхынҳәра, наӡаӡа ҳаиҭанхара", — лҳәеит лара акциа "Иԥшьоу Гьаргь ицаха" ахацыркра иазкны имҩаԥгаз авидеоцҳа Москва-Симферополь аҟны.
"Иԥшьоу Гьаргь ицаха" ныҟәызго ауаа аҭакԥхықәра рыднаҵоит — уи иаанарԥшуа адоуҳаӷәӷәара иақәшәаларц иҳәеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов акциа ахацыркра иазкыз авидеоцҳаҿы. "Алента рыманы ҳаибашьцәа, ҳфырхацәа украинатәи анацизм иаҿагылоуп, ииашаҵәҟьаны иуҳәозар, европатәи афашизм иаҿагылоуп, избан акәзар, Европа Бандера ибираҟқәа ирыҵагылеит. Ибзиаӡаны еилкаауп иахьа Урыстәыла иарбан еибашьроу имҩаԥнаго", — иҳәеит иара.
Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны акиносахьақәа ддырбараны иҟоуп. Ари аус еиҿнакаауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра "Мосфильм" ацхыраарала. Актәи акиносахьа арбара мҩаԥысит иахьа Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аҿы, иддырбеит арежиссиор Сергеи Попов иҭыхымҭа "Берлинҟа амҩа".
• Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа аерманцәа ргеноцид иалаӡыз игәалаиршәеит • Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны акиносахьақәа ддырбараны иҟоуп. • Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи еиҳа инарҭбааны Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа аерманцәа ргеноцид иалаӡыз игәалаиршәеит. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Ованес Туманиан ихьӡ зху Аҟәатәи 9-тәи ашкол аҿы. Ашколхәыҷқәа атрагедиатә хҭыс ирызкны ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, атеатртә қәгылара мҩаԥыргеит, анаҩс аҟәышәҭын ҟаԥшьқәа амшын ихырҵеит. "Аԥсуа жәлар аерман жәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит. Ҳара иаҳуалуп аҭоурых агәалашәара, уи ҳаҭыр ақәҵара, ԥхьаҟа еиҵагыло абиԥарақәа рымадара. Иҳаҩсыз аамҭа иаҳзаанагаз аҵатәхәқәа реилкаара акырӡа аҵанакуеит, усеиԥш арыцҳарақәа уаҳа иҟамларц азы", — ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа. Лаҵара 9 Аиааира Ду амшныҳәа — ацәыӡ дуӡӡақәа зауз Асовет жәлар аԥсҭазаарахь рырхынҳәра ауп иаанаго, ҳәа азгәалҭеит амедиа-гәыԥ "Россия сегодня", Sputnik, RT рредактор хада Маргарита Симониан. Афашизм аҿагылараҿы Асовет Еидгыла алагала дууп, уи узызгәдухаша акоуп ҳәа азгәалҭеит лара. "Ари аԥсхҭынҵара ахә ҳаракны иахьышәшьо, иахьышәгәалашәо, ҭабуп ҳәа ахьахышәҳәаауа хәдықәҵара азнауеит ҳара жәларык рыҳасабала аԥсҭазаара ҳаиҭазыхынҳәра, наӡаӡа ҳаиҭанхара", — лҳәеит лара акциа "Иԥшьоу Гьаргь ицаха" ахацыркра иазкны имҩаԥгаз авидеоцҳа Москва-Симферополь аҟны. "Иԥшьоу Гьаргь ицаха" ныҟәызго ауаа аҭакԥхықәра рыднаҵоит — уи иаанарԥшуа адоуҳаӷәӷәара иақәшәаларц иҳәеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов акциа ахацыркра иазкыз авидеоцҳаҿы. "Алента рыманы ҳаибашьцәа, ҳфырхацәа украинатәи анацизм иаҿагылоуп, ииашаҵәҟьаны иуҳәозар, европатәи афашизм иаҿагылоуп, избан акәзар, Европа Бандера ибираҟқәа ирыҵагылеит. Ибзиаӡаны еилкаауп иахьа Урыстәыла иарбан еибашьроу имҩаԥнаго", — иҳәеит иара. Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны акиносахьақәа ддырбараны иҟоуп. Ари аус еиҿнакаауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра "Мосфильм" ацхыраарала. Актәи акиносахьа арбара мҩаԥысит иахьа Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша амузеи аҿы, иддырбеит арежиссиор Сергеи Попов иҭыхымҭа "Берлинҟа амҩа".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/18/1054603209_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c06d5f187651438cfea15ebd6ff520b7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио