Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа радио астудиа ҿыц аадыртит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы

© Sputnik / Леон Адлейба Новая студия радио АГТРК
Новая студия радио АГТРК  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аԥсуа радио астудиа ҿыц аадыртит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы.
Амилаҭтә радио аира 93 шықәса ахыҵра иақәыршәаны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә далахәын атәыла аԥыза-министр Владимир Делба. Иара иазгәеиҭеит арадио ахаангьы акырзҵазкуа информациатә хыҵхырҭаны ишыҟоу.
"Ҳара аамҭа кьаҿк иалагӡаны FM дырраҭара адагьы онлаин-дырраҭарақәа рахь ҳцәырҵит. Аԥсуа радио асаит аашәыртыр, адунеи зегьы аҿы шәаҳзыӡырҩыр шәылшоит. Иара убасгьы аплатформақәа аԥаҳҵеит, астримқәа мҩаԥаҳгоит, Telegram-канал аҿы ишиашоу ицо адырраҭара азыӡырҩразы алшара ыҟоуп", — иҳәеит Аԥсуа радио аиҳабы Адгәыр Гәынба.
Аԥсуа телерадиоеилахәыра анапхгаҩы Ирина Агрԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит, арадиодырраҭарақәа актуалра рыҭара — рус хадақәа ишыруаку.
“Уажәы Аԥсуа радиоҿы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа зегьы — иахьатәи аамҭа ашьашәалара иазку шьаҿақәоуп ҳәа ахысҳәаауеит",, — лҳәеит Агрԥҳа.
Аԥсуа радио раԥхьаӡакәны аефир ахь иҭыҵит 1932 шықәса мшаԥы 30 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0