00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
26 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:55
5 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:55
5 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада Бадра Гәынба Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа адинамикатә ҟазшьа рымоуп ҳәа иԥхьаӡоит. Абри атәы иҳәеит иара афымцадәыӷба "Диоскуриа" раԥхьатәи ареис иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы. Иазгәеиҭеит аинырра иҷыдоу агәацԥыҳәара шаиуз. Аинфраструктура аҿиара шымҩаԥысуа, асоциалтә еиқәыршәара аиӷьхара ишаҿу.
Афымцадәыӷба "Диоскуриа" Аҟәаҟа раԥхьатәи ареис шәаҳәарылеи кәашарылеи иаԥылеит. Абыргцәа рансамбль ақәгылара зегьы аршанхеит – уи алахәылацәа кәашеит, ишәаҳәеит. Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи адәыӷба авагон иҭалан игәарҭеит. Апассаџьырцәа дара аибашьратә ашәақәа рзырҳәеит. Ауснагӡатә рхы аладырхәит Аиҳабыра алахәылацәа, атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәатәи Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы иҟоу ателемедицинатә центр иаҭааит. Иара аадыртижьҭеи, Москва иҟоу ахәыҷқәа ргәабзиарахьчаразы амилаҭтә медицинатә центр аспециалистцәа алархәны имҩаԥгоу 22 консультациа рҟынтәи 14 ахәыҷқәа рдиспансеризациа иалҵшәоуп. Жәаҩык ачымазцәа астационартә хәшәтәра роурц азы уахь идәықәҵан, урҭ рыбжаҩык рҽыхәшәтәра хдыркәшахьеит. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иажәақәа рыла, Урыстәыла амашәырқәа рмедицинатә центр хабк аҳасабла аԥснытәи аҳақьымцәа иахәҭоу аспециалистцәа рахь иашьҭуеит.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко ихы алаирхәит еиҭаҵуа афлиуорографиатә уада Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аҭара. Еиҭаҵуа амедицинатә комплекс араион ауааԥсыра рымаҵ ауразы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хада абаланс аҿы иқәыргылахоит. Аҳақьым асахьаҿы ибалар илшоит арыԥҳақәа рҿы ахьҭалаларатә процессқәа, аҿыццәырҵрақәа, ацәеижь иатәым ахәҭақәа, насгьы аинфильтрат. Уи анаҩсангьы Астационартә рентгентә аппаратқәа ҩба Тҟәарчали Гагреи ирыҭахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.
Иахьа Аҟәаҟа иааит Урыстәыла Ауаажәларратә палатеи, Урыстәыла ахада Иусбарҭа, Урыстәыла Аиҳабыра рхаҭарнакцәеи рделегациа. Аԥсны Ауаажәларратә Палатаҿы аиԥылара мҩаԥысит. "Ҭаҭарсҭан, Башкириа, Москва, Краснодартәи атәылаҿацә Аҟәатәи амшын аԥшаҳәа раԥхьатәи ахаҿра аманы аиҭашьақәыргыларазы ацхыраара ҟарҵоит, ҳаамҭазтәи аргыларатә ҭахрақәа зегьы хшыҩзышьҭра рыҭаны" иҳәеит Ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавски.
Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭеи Шәачатәи аҟазаратә коллеџьи русеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Ауснагӡатә алыршахеит Аҧсни Урыстәылеи рҵараиурҭақәа рыбжьара аимадарақәа рыбжьаҵаразы Россотрудничество имҩаҧнаго апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0