https://sputnik-abkhazia.info/20250505/1054770977.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион Кәтол ақыҭан ачаи плантациа даҭааит. 2019 шықәсазы ақыҭа анхацәа Адгәыр Гергьиеи Алиас Асланӡиеи аҳәынҭқарра аҟынтәи... 05.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-05T13:01+0300
2025-05-05T13:01+0300
2025-05-05T14:54+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/05/1054770845_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_1340beeb34e6ce671b38459d1cf64a69.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион Кәтол ақыҭан ачаи плантациа даҭааит. 2019 шықәсазы ақыҭа анхацәа Адгәыр Гергиеи Алиас Асланӡиеи аҳәынҭқарра аҟынтәи ачаи плантациақәа қьырала иганы, анаплакы "Екочаи" аадыртит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Раԥхьатәи аҽаҩра еизган 2023 ашықәсазы. Аҳәынҭқарра ацхыраарала анаплакҩцәа иҷыдоу аиқәыршәагақәа роуит, аалыҵ аизырҳареи ахаҭабзиара аиӷьтәреи рылшеит. Гәынба иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аҭыԥантәи аарыхҩцәа рыцхраара ишазхиоу. Аԥыза-министр Владимир Делба адҵа ииҭеит, анаплакы ихиоу аалыҵ аҭира аҿы иахьынӡалшо ацхыраара аиҭаразы.
Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Дума дықәгылеит Урыстәылеи Евразиеи ирышьагәыҭу ажәларқәа Рбыргцәа рхеилак авидеоконференциаҿы. Иара еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аиааира агараҿы Аԥсны алагала, иара убас СССР Афырхацәа ҳәа ахьӡ иаԥсахаз, инхо ауааԥсыра рхыԥхьаӡарала ахәбатәи аҭыԥ шааннакыло.
Коӷониа имҩаду аҿы иҟоу 62-тәи аҩны аҭӡы аҟны амурал хыркәшоуп. Аҭӡы ырԥшӡоуп аԥсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иҭыхымҭақәа руак ала. Аусумҭа ҭихит аурыс сахьаҭыхҩы Алексеи Таракин. Иааидкыланы Аҟәа ақалақь аҿы анхарҭатә ҩнқәеи аҵараиурҭақәеи рыҭӡамцқәа рҿы иҭырхоит жәа-муралк. Апроект еиҿнакаауеит ацхыраареи аҿиареи рзы "Аформа ҿыцқәа" рфонд Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала.
Лаҵарамза 4 рзы адунеи атәылақәа жәпакы рҿы имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым аполк". Китаи, Америка, Нидерланды, Аргентина, Венесуела, Сиднеи, Ҭырқәтәыла, Ливан, Аҩадатәи Кореиа рҟынтәи урыстәылауаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз рҭынхацәа рфотосахьақәеи абираҟқәеи кны амҩадуқәа ирнысит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Раԥхьаӡа акәны фышықәса рышьҭахь Вашингтон ақалақь аҿы акциа мҩаԥысит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион Кәтол ақыҭан ачаи плантациа даҭааит. 2019 шықәсазы ақыҭа анхацәа Адгәыр Гергьиеи Алиас Асланӡиеи аҳәынҭқарра аҟынтәи ачаи плантациақәа қьырала иганы, анаплакы "Екочаи" аадыртит ҳәа аанацҳаит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Раԥхьатәи аҽаҩра еизган 2023 ашықәсазы. Аҳәынҭқарра ацхыраарала анаплакыҩцәа иҷыдоу аиқәыршәагақәа роуит, аалыҵ аизырҳареи ахаҭабзиара аиӷьтәреи рылшеит. Гәынба иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аҭыԥантәи аарыхҩцәа рыцхраара ишазхиоу. Аԥыза-министр Владимир Делба адҵа ииҭеит, анаплакы ихиоу аалыҵ аҭира аҿы иахьынӡалшо ацхыраара аиҭаразы. Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа дықәгылеит Урыстәылеи Евразиеи ирышьагәыҭу ажәларқәа Рбыргцәа рхеилак авидеоконференциаҿы. Иара еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аиааира агараҿы Аԥсны алагала, иара убас СССР Афырхацәа ҳәа ахьӡ иаԥсахаз, ауааԥсыра рхыԥхьаӡарала ахәбатәи аҭыԥ шааннакыло. Коӷониа имҩаду аҿы иҟоу 62-тәи аҩны аҭӡы аҟны амурал хыркәшоуп. Аҭӡы ырԥшӡоуп аԥсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иҭыхымҭақәа руак ала. Аусумҭа ҭихит аурыс сахьаҭыхҩы Алексеи Таракин. Иааидкыланы Аҟәа ақалақь аҿы анхарҭатә ҩнқәеи аҵараиурҭақәеи рыҭӡамцқәа рҿы иҭыххоит жәа-муралк. Апроект еиҿнакаауеит ацхыраареи аҿиареи рзы "Аформа ҿыцқәа" рфонд Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала. Лаҵарамза 4 рзы адунеи атәылақәа жәпакы рҿы имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым аполк". Китаи, Америка, Нидерланды, Аргентина, Венесуела, Австралиа, Ҭырқәтәыла, Ливан, Ҩада Кореиа рҟынтәи урыстәылауаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз рҭынхацәа рфотосахьақәеи абираҟқәеи кны амҩадуқәа ирнысит ҳәа аанацҳаит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Раԥхьаӡа акәны фышықәса рнаҩс Вашингтон ақалақь аҿы акциа мҩаԥысит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/05/1054770845_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_1c5a685e5ef6797e66a5127ca119c2f8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио
Аԥсны ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион Кәтол ақыҭан ачаи плантациа даҭааит. 2019 шықәсазы ақыҭа анхацәа Адгәыр Гергьиеи Алиас Асланӡиеи аҳәынҭқарра аҟынтәи ачаи плантациақәа қьырала иганы, анаплакы "Екочаи" аадыртит ҳәа аанацҳаит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура. Раԥхьатәи аҽаҩра еизган 2023 ашықәсазы. Аҳәынҭқарра ацхыраарала анаплакыҩцәа иҷыдоу аиқәыршәагақәа роуит, аалыҵ аизырҳареи ахаҭабзиара аиӷьтәреи рылшеит. Гәынба иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аҭыԥантәи аарыхҩцәа рыцхраара ишазхиоу. Аԥыза-министр Владимир Делба адҵа ииҭеит, анаплакы ихиоу аалыҵ аҭира аҿы иахьынӡалшо ацхыраара аиҭаразы.
Аԥсны абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа дықәгылеит Урыстәылеи Евразиеи ирышьагәыҭу ажәларқәа Рбыргцәа рхеилак авидеоконференциаҿы. Иара еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аиааира агараҿы Аԥсны алагала, иара убас СССР Афырхацәа ҳәа ахьӡ иаԥсахаз, ауааԥсыра рхыԥхьаӡарала ахәбатәи аҭыԥ шааннакыло.
Коӷониа имҩаду аҿы иҟоу 62-тәи аҩны аҭӡы аҟны амурал хыркәшоуп. Аҭӡы ырԥшӡоуп аԥсуа сахьаҭыхҩы Леуарса Быҭәба иҭыхымҭақәа руак ала. Аусумҭа ҭихит аурыс сахьаҭыхҩы Алексеи Таракин. Иааидкыланы Аҟәа ақалақь аҿы анхарҭатә ҩнқәеи аҵараиурҭақәеи рыҭӡамцқәа рҿы иҭыххоит жәа-муралк. Апроект еиҿнакаауеит ацхыраареи аҿиареи рзы "Аформа ҿыцқәа" рфонд Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ацхыраарала.
Лаҵарамза 4 рзы адунеи атәылақәа жәпакы рҿы имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым аполк". Китаи, Америка, Нидерланды, Аргентина, Венесуела, Австралиа, Ҭырқәтәыла, Ливан, Ҩада Кореиа рҟынтәи урыстәылауаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз рҭынхацәа рфотосахьақәеи абираҟқәеи кны амҩадуқәа ирнысит ҳәа аанацҳаит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Раԥхьаӡа акәны фышықәса рнаҩс Вашингтон ақалақь аҿы акциа мҩаԥысит.