https://sputnik-abkhazia.info/20250505/aibashrat-fyrkhaara-amuzei-ay-aiaaira-du-iazku-atsyrgaa-aiaaira-akino-aatit-1054779943.html
Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы Аиааира Ду иазку ацәыргақәҵа "Аиааира акино" аатит
Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы Аиааира Ду иазку ацәыргақәҵа "Аиааира акино" аатит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазку... 05.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-05T15:00+0300
2025-05-05T15:00+0300
2025-05-05T20:08+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/05/1054771059_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_782413f3e86fca4b7c165ffaca5ae0fb.jpg
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа "Аиааира акино" аатит.Уи Урыстәылеи Аԥсни ркультура аминистррақәа иҟарҵаз ацхыраарала еиҿыркааит Москва акино Аҳәынҭқарратә музеи хадеи ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи. Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп Асовет еибашьцәа, аԥснытәиқәагьы уахь иналаҵаны, рфырхаҵарақәа рыхҳәаақәеи рфотосахьақәеи. Уи адагьы, аҭааҩцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иазку еицырдыруа афильмқәа раԥҵара аҭоурых еилыркаар рылшоит, аибашьраан иҟалаз ахҭыс дуқәа ртәы еиҳа инарҭбааны еилыркаар рылшоит. Ацәыргақәҵа "Аиааира акино" Арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы лаҵара 9 рҟынӡа аус ауеит. Анаҩс – лаҵара 13 инаркны рашәара 30 рҟынӡа Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы иҟалоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/05/1054771059_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_b88c4db934221adee619d7e55bdf3b8f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы Аиааира Ду иазку ацәыргақәҵа "Аиааира акино" аатит
15:00 05.05.2025 (ирҿыцуп: 20:08 05.05.2025) АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа "Аиааира акино" аатит.
Уи Урыстәылеи Аԥсни ркультура аминистррақәа иҟарҵаз ацхыраарала еиҿыркааит Москва акино Аҳәынҭқарратә музеи хадеи ареспубликаҿы иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакреи.
"Ацәыргақәҵа Аԥсны раԥхьаӡа акәны иаатит, уи акинохроникеи асахьаркыратә фильмқәеи реизга мацара акәны иҟаӡам. Уи ҳабацәеи ҳабдуцәеи ирхыргаз аԥышәарақәа ргәалашәара алзыршо, иҳаҩсыз аамҭахь ҳаиазго акоуп", – ҳәа иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп Асовет еибашьцәа, аԥснытәиқәагьы уахь иналаҵаны, рфырхаҵарақәа рыхҳәаақәеи рфотосахьақәеи. Уи адагьы, аҭааҩцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иазку еицырдыруа афильмқәа раԥҵара аҭоурых еилыркаар рылшоит, аибашьраан иҟалаз ахҭыс дуқәа ртәы еиҳа инарҭбааны еилыркаар рылшоит.
Ацәыргақәҵа "Аиааира акино" Арратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы лаҵара 9 рҟынӡа аус ауеит. Анаҩс – лаҵара 13 инаркны рашәара 30 рҟынӡа Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы иҟалоит.