https://sputnik-abkhazia.info/20250514/areis-nizhni-novgorodaa-laara-30-inarkny-ayrraa-ialagoit-khashala--1054921156.html
Ареис Нижни Новгород—Аҟәа лаҵара 30 инаркны аԥыррақәа иалагоит хәашала
Ареис Нижни Новгород—Аҟәа лаҵара 30 инаркны аԥыррақәа иалагоит хәашала
Sputnik Аҧсны
Нижни Новгород ақалақь аҟынтәи раԥхьаӡатәи аҳаирплан Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит лаҵара 13 асааҭ 21:44 рзы. 14.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-14T13:15+0300
2025-05-14T13:15+0300
2025-05-14T13:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/0d/1054908003_0:0:3152:1773_1920x0_80_0_0_a1647b4cf51cadeaadff5f0be7aa9e1d.jpg
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Нижни Новгород инаркны Аҟәанӡа иааиԥмырҟьаӡакәа аԥыррақәа лаҵара 30 инаркны хәашала имҩаԥгахалоит ҳәа аанацҳауеит Чкалов ихьӡ зху Нижни Новгород аҳаирбаӷәаза. 110 ҭыԥ змоу аилахәыра "Икар" аҳаирпланқәа Embraer 190 ареисқәа мҩаԥыргоит.Нижни Новгородынтәи раԥхьатәи аҳаирплан Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь иаараны иҟан лаҵара 6 рзы. Аха Росавиациа аԥырразы аамҭалатәи аԥкрақәа иаланагалаз ирыхҟьаны иаанкылан. Мчыбжьык анаҩс, лаҵара 12 асааҭ 21:44 рзы, аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит Нижни Новгородынтәи раԥхьатәи аҳаирплан. Традициала ишаԥу еиԥш ӡыла арка ҟаҵаны иаԥылеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250513/nizhni-novgorodynti-eimyraaka-ibzhalaz-areis-teit-aati-aairbaazay-1054916484.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/0d/1054908003_82:0:2813:2048_1920x0_80_0_0_52e46ea6eda1c32b333d43051a20f49e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Ареис Нижни Новгород—Аҟәа лаҵара 30 инаркны аԥыррақәа иалагоит хәашала
Нижни Новгород ақалақь аҟынтәи раԥхьаӡатәи аҳаирплан Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит лаҵара 13 асааҭ 21:44 рзы.
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Нижни Новгород инаркны Аҟәанӡа иааиԥмырҟьаӡакәа аԥыррақәа лаҵара 30 инаркны хәашала имҩаԥгахалоит ҳәа аанацҳауеит Чкалов ихьӡ зху Нижни Новгород аҳаирбаӷәаза.
Нижни Новгородынтәи аҳаирплан асааҭ 14:15 рзы ишьҭыԥраауеит, Аԥсны иҟалоит асааҭ 17:55 рзы. Аҳаирплан шьҭахьҟа иԥыруеит асааҭ 18:55 рзы.
110 ҭыԥ змоу аилахәыра "Икар" аҳаирпланқәа Embraer 190 ареисқәа мҩаԥыргоит.
Нижни Новгородынтәи раԥхьатәи аҳаирплан Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь иаараны иҟан лаҵара 6 рзы. Аха Росавиациа аԥырразы аамҭалатәи аԥкрақәа иаланагалаз ирыхҟьаны иаанкылан.
Мчыбжьык анаҩс, лаҵара 12 асааҭ 21:44 рзы, аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит Нижни Новгородынтәи раԥхьатәи аҳаирплан. Традициала ишаԥу еиԥш ӡыла арка ҟаҵаны иаԥылеит.