https://sputnik-abkhazia.info/20250514/iydou-aairplanla-urystylaa-irgaz-asny-afyrkhaa-atskhyraara-ireit--1054929701.html
Иҷыдоу аҳаирпланла Урыстәылаҟа иргаз Аԥсны Афырхаҵа ацхыраара ирҭеит
Иҷыдоу аҳаирпланла Урыстәылаҟа иргаз Аԥсны Афырхаҵа ацхыраара ирҭеит
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу аҳаирпланла Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иган фҩык ачымазцәа. Дара ыҵԥрааит еиҭашьақәыргылоу Владислав Арӡынба ихьӡ... 14.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-14T19:55+0300
2025-05-14T19:55+0300
2025-05-14T21:47+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/1c/1053961994_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_30cf4defff2b483a01d0d36f4afa4c5b.jpg
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Вишневски ихьӡ зху Ацентр аҳақьымцәа жәабранмза анҵәамҭазы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иҷыдоу аҳаирплан ала Москваҟа инагаз Аԥсны Афырхаҵа иҳараку атехнологиатә цхыраара ирҭеит. Роман Қацәба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ахәра ӷәӷәа иоуит. Ареспубликеи уи анҭыҵи ахәышәтәрақәа дырхысит ҳәа еиҭалҳәеит Роман иаҳәшьа Рита Қацәԥҳа. Аветеран Аԥсныҟа даныхынҳә, ҩаԥхьа игәабзиара еиҭашәеит. Мызки бжаки иара Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭан. Аха аҳақьымцәа уаҳа рымч хомызт аҟнытәи Роман Қацәба москватәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь дышьҭызарц ӡбан. Урыстәылатәи аган ахь ацхырааразы иҟаҵаз аҳәара иахаҵгылеит. Роман Қацәбеи даҽа хәҩык ачымазцәеи Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иатәу иҷыдоу ҳаирпланла Аԥснынтәи иргеит. "Ибзианы иаҳԥылеит. Аҳақьымцәа ирылшозгьы, ирылымшозгьы зегь ҟарҵеит, сашьа ишьапы дықәдыргылеит. Игәабыцаҟьаҟны инарҭбаау агранулиациа ҟарҵеит, аԥҟара ф-сааҭк ицон", — ҳәа еиҭалҳәеит Қацәԥҳа. Аветеран Вишневски ицентр ахь даҽа знык дцароуп. Рита Қацәԥҳа лажәақәа рыла, лашьа игәабзиара шьақәгылоит ҳәа аҳақьымцәа агәыӷра ду рымоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20250228/aanti-moskvaa-6-yk-achymaztsa-nagoup-urystyla-aa-iatu-iydou-aairplanla---1053963130.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/1c/1053961994_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_6b01579db0c9cc2d026ae0224658b946.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Иҷыдоу аҳаирпланла Урыстәылаҟа иргаз Аԥсны Афырхаҵа ацхыраара ирҭеит
19:55 14.05.2025 (ирҿыцуп: 21:47 14.05.2025) Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу аҳаирпланла Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иган фҩык ачымазцәа. Дара ыҵԥрааит еиҭашьақәыргылоу Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәазаҟынтәи жәабранмза 28 рзы.
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Вишневски ихьӡ зху Ацентр аҳақьымцәа жәабранмза анҵәамҭазы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иҷыдоу аҳаирплан ала Москваҟа инагаз Аԥсны Афырхаҵа иҳараку атехнологиатә цхыраара ирҭеит.
Роман Қацәба Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ахәра ӷәӷәа иоуит. Ареспубликеи уи анҭыҵи ахәышәтәрақәа дырхысит ҳәа еиҭалҳәеит Роман иаҳәшьа Рита Қацәԥҳа.
Аветеран Аԥсныҟа даныхынҳә, ҩаԥхьа игәабзиара еиҭашәеит. Мызки бжаки иара Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭан. Аха аҳақьымцәа уаҳа рымч хомызт аҟнытәи Роман Қацәба москватәи ахәышәтәырҭақәа руак ахь дышьҭызарц ӡбан.
Урыстәылатәи аган ахь ацхырааразы иҟаҵаз аҳәара иахаҵгылеит. Роман Қацәбеи даҽа хәҩык ачымазцәеи Урыстәыла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иатәу иҷыдоу ҳаирпланла Аԥснынтәи иргеит.
"Ибзианы иаҳԥылеит. Аҳақьымцәа ирылшозгьы, ирылымшозгьы зегь ҟарҵеит, сашьа ишьапы дықәдыргылеит. Игәабыцаҟьаҟны инарҭбаау агранулиациа ҟарҵеит, аԥҟара ф-сааҭк ицон", — ҳәа еиҭалҳәеит Қацәԥҳа.
Аветеран Вишневски ицентр ахь даҽа знык дцароуп. Рита Қацәԥҳа лажәақәа рыла, лашьа игәабзиара шьақәгылоит ҳәа аҳақьымцәа агәыӷра ду рымоуп.