https://sputnik-abkhazia.info/20250514/nanba-arynba-diizhei-80-shysa-ara-iazku-ausnagata-asny-anygy-imagakhoit-1054929863.html
Нанба: Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа Аԥсны анҭыҵгьы имҩаԥгахоит
Нанба: Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа Аԥсны анҭыҵгьы имҩаԥгахоит
Sputnik Аҧсны
Атәыла ахада Бадра Гәынба иусԥҟала 2025 шықәса Аԥсны Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба атәыла раԥхьатәи ахада... 14.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-14T20:10+0300
2025-05-14T20:10+0300
2025-05-14T21:55+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/02/1054734521_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_4b3c27305a3c62cb151035269f5883e4.jpg
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Владислав Арӡынба игәаларшәара иазку аусмҩаԥгатәқәа ашықәс нҵәаанӡа Аԥсны мацара акәымкәа, уи анҭыҵгьы имҩаԥыслоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. Ҳдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы еиҿкаахоит аҭҵаарадырратә конференциақәа, ауаажәларратә еиԥыларақәа, акультуратә усмҩаԥгатәқәа. Нанба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Арӡынба — аԥсуа жәлар аиааиреи рхатәы ҳәынҭқарра аргылареи зылзыршаз, амилаҭтә фырхаҵаны дшыҟоу. "Ҳара наунагӡа ҳгәалашәараҿ дыҟазаауеит, анҩстәи абиԥарақәагь ирымаадалоит уи агәалашәара, ҳҳәынҭқарра аԥхьаҟагьы ишәҭыкакаҷуа, ихьыԥшымны иаанхарц азы", — ҳәа иҳәеит иара. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәсазы.Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иусԥҟала 2025 шықәса Аԥсны Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба атәыла раԥхьатәи ахада диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку агәаларшәаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы акомиссиа анаԥхгаҩыс дыҟоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/02/1054734521_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_da100c30bfb758237a8f31430a49a5c7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Нанба: Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа Аԥсны анҭыҵгьы имҩаԥгахоит
20:10 14.05.2025 (ирҿыцуп: 21:55 14.05.2025) Атәыла ахада Бадра Гәынба иусԥҟала 2025 шықәса Аԥсны Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба атәыла раԥхьатәи ахада диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку агәаларшәаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы акомиссиа анаԥхгаҩыс дыҟоуп.
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Владислав Арӡынба игәаларшәара иазку аусмҩаԥгатәқәа ашықәс нҵәаанӡа Аԥсны мацара акәымкәа, уи анҭыҵгьы имҩаԥыслоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.
Ҳдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы еиҿкаахоит аҭҵаарадырратә конференциақәа, ауаажәларратә еиԥыларақәа, акультуратә усмҩаԥгатәқәа.
Нанба инаҵшьны иазгәеиҭеит, Арӡынба — аԥсуа жәлар аиааиреи рхатәы ҳәынҭқарра аргылареи зылзыршаз, амилаҭтә фырхаҵаны дшыҟоу.
"Ҳара наунагӡа ҳгәалашәараҿ дыҟазаауеит, анҩстәи абиԥарақәагь ирымаадалоит уи агәалашәара, ҳҳәынҭқарра аԥхьаҟагьы ишәҭыкакаҷуа, ихьыԥшымны иаанхарц азы", — ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәсазы.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иусԥҟала 2025 шықәса Аԥсны Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба атәыла раԥхьатәи ахада диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку агәаларшәаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы акомиссиа анаԥхгаҩыс дыҟоуп.